АҞӘА, ажьырныҳәа 15 – Sputnik. Астанциа маҷ "Баслаҭа" иамоу ақәыӷәӷәара ахьеизҳаз иахҟьаны аԥкра алагалоуп, ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Алашара дырцәалоит анаҩс иаагоу аихшанҵа инақәыршәаны:
11:00 - 12:00, 17:00 - 18:00 афидер Бырцха - Ҷанба имҩаду ахәҭак
12:00 - 13:00, 18:00 - 19:00 афидер Абжьаҟәа - Ҷанба имҩаду ахәҭак
13:00 - 14:00, 19:00 - 20:00 афидер Баслаҭа ГЕС - Одышь ақыҭа иахьаҵанакуа
14:00 - 15:00, 19:00 - 20:00 афидер Ақалақь -10 - Ҷанба имҩаду иахьаҵанакуа, Ацҳа ҟаԥшь иаду амҩадуқәа
15:00 - 16:00, 21:00 - 22:00 афидер Кьалашәыр араион, Акомсомолцәа рымҩа
16:00 - 17:00, 22:00 - 23:00 афидер Ақалақь -11 - Ашколтә амҩаду иахьаҵанакуа.
Ажьырныҳәа 12 инаркны Аҟәа ахәҭак аамҭа-аамҭала алашара арцәара алагалоуп астанциа маҷ "Аҟәа -1" иамоу ақәыӷәӷәарақәа ирыхҟьаны.
Ԥхынҷкәын 21 инаркны Аԥсны аиҳарак Урыстәылантәи афымцалашара аиуеит. Аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик аԥыхын уинахыс, ақәыӷәӷәарақәа анырацәахо идырцәалар анакәыз ахҭысқәа аламҵакәа.