Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ илҳәеит атәымцәеижьҿагылара змоу асертификат шрыҭахо

Акоронавирус азын Урыстәыла алаҵа ҟарҵахьеит 76,6 миллионҩык ауааԥсыра, ҩаԥхьа алаҵа ҟазҵазгьы налаҵаны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Атәымцәеижьҿагылара змоу мамзаргьы аҿкчымазара зыхьуа шықәсык аҽҳәара змоу COVID-асертификат роуеит ачымазара рыхьхьеит ҳәа. Абри атәы аҩуеит РИА Новости Урыстәыла аԥыза-аминистр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова лҳәамҭа шьаҭас иганы.
"Атәымцәеижьҿагыла змоуи аҿкчымазара зыхьуеи шықәсыктәи асертификат роур ҟалоит", - ҳәа лҳәеит Голикова ахәаша имҩаԥысыз абрифинг аҟны.
Аԥсны
Аԥсны "Спутник V" алаҵа ҟазҵаз QR-код змоу аршаҳаҭга рыҭахоит
Иара убасгьы иазгәалҭеит, макьана ишыҟам акоронавирус аҟынтәи алаҵа азын еицызхарҵаз асертификат. Аҳәаанырцәынтәи иааз Урыстәыла атәымцәеижьҿагылараз атест арҭар рылшоит, уи змоу шықәсыбжак аҽҳәара змоу асертификат роуеит.