Аԥсны

Ашьапылампылтә академиа "Зенит" афилиал Аԥсны ахәыҷқәа ралԥшаара рыланаҳәеит

Санкт-Петербургтәи академиа ашьапылампылтә клуб "Зенит" афилиал Аԥсны иаартын хәажәкырамза 2021 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. "Зенит" академиа афилиали ашьапылампылтә команда "Нарҭи" 2014-2015 шықәсқәа рзын ииз ахәыҷқәа ралԥшаара еицымҩаԥыргоит Аҟәа, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Зенит" афилиал аиҿкааҩ Армен Капикиан.
"Афилиал "Зенит" шьақәыргылахоит 14-15 ҩык ахәыҷқәа злахәу агәыԥқәа рыла. Хазы еиҿкаахоит 2014 шықәсазы иизи 2015 шықәсазы иизи рылеи ишьақәгыло акомандақәа. Ахәыҷқәа рышәҵатәы зегьы хәыда-ԥсадахоит, аҭагылазаашьа роуеит атәыла анҭыҵ ахәмаррақәа рыхәаԥшра, ажәакала аҭаацәа уажәраанӡа ахьанҭара ирықәыз рықәҵоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Зенит" Академиа афилиал аадыртит Аԥсны
Ашьапылампылтә команда "Нарти" ҳареи аусеицура ҳзыфеидоуп. "Нарҭ" аҭыԥантәи ашьапылампыл аԥхьагылаҩцәа ируакуп. Изызҳауа ахәыҷқәа акы иаҿыԥшуазароуп, "Нарҭ" акомандаҿ ахәмарра зҭаху ахәыҷқәагьы рацәаҩуп", - иҳәеит иара.
Аԥсны
Аҟәатәи "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны иачемпионхеит
"Зенит" академиа афилиал агуԥқәа зегь харҭәаахаанӡа алԥшарақәа мҩаԥнагалоит, иҳәеит Армен Капикиан.
Иахьатәи аамҭазы академиа афилиал Гәдоуҭа иҟоуп 2012-2013 шықәсқәа рзы ииз рыла ишьақәгылоу агәыԥқәа, Афон ҿыц 2008-2009 ашықәсқәа рзы ииз, Аҟәа 2010-2013 ашықәсқәа рзы ииз, 2014-2015 ашықәскәы рзы ииз ахәыҷқәа ралԥшаара ашьҭахь, рыдкылара ҳалагоит 2016-2017 ашықәсқәа рзы ииз ахәыҷқәа, ҳәа еиҭеиҳәеит Капикиан.