Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны иачемпионхеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Сухумский "Нарт" стал чемпионом Абхазии по футболу
Сухумский Нарт стал чемпионом Абхазии по футболу - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.11.2021
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат 21-тәи атур аҿы еиԥылеит гәдоуҭатәи "Риҵеи" аҟәатәи "Нарҭи", дара рыҩбагьы 48-48 кәатала рыман.
Ашьапылампыл азы Аԥсны 28-тәи ачемпионат - гәдоуҭатәи "Риҵеи" аҟәатәи "Нарҭи" рыбжьара имҩаԥысит Лев Ажьиба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи астадион аҿы.
Асезон ахәмарра хада
Ачемпионтә титул алахьынҵа ахьырыӡбоз ахәмарра хадаҿы ахәаԥшыҩцәа рацәаҩын, астадион ҭәын ҳәа уҳәар алшоит.
Иреиӷьу команданы ачемпионат хнаркәшарц азы "Риҵа" ахәарраҟны иаиааир акәын. Аҟәатәи ашьапылампыласцәа ахәмарра еиҭахарала ихдыркәшазҭгьы - чемпионс иҟалон.
Алхас Манаргия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2021
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Манаргиа ашьапылампыл асразы ачемпионат аформат ҿыц азы
Акомандақәа ахәмарра активла ишалагазгьы аԥхьатәи аминуҭқәа рзы гәдоуҭаа аԥыжәара рцәыӡит, "Нарҭаа" рымба ампыл аҭаршәразы рҽазышәара рзынамыгӡеит, ампыл амба аштанга иаахеит.
"Нарҭ" ахәмырҩцәа аамҭа-аамҭала ампыл шыргозгьы "Риҵа" рымба аԥхьа шәарҭаратә ҭагылазаашьак рзыҟамҵеит. Гәдоуҭаа аԥыжәара шрымазгьы ампыл рызҭамыршәит.
Акомандақәа рыхәмаршьа ӷәӷәан, иаҵахыр рҭахымызт, уи иахҟьаны аԥҟарақәа реилагарақәа рацәан. Актәи сааҭыбжактәи аамҭазы аҳақьымцәа ҩынтә ашьапылампыласыҩцәа ацхыраара рырҭар акәхеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Сухумский "Нарт" стал чемпионом Абхазии по футболу
Сухумский Нарт стал чемпионом Абхазии по футболу 
 - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.11.2021
Сухумский "Нарт" стал чемпионом Абхазии по футболу
Ихадоу атаим
Аҩбатәи атаим аҿгьы "Риҵеи", "Нарҭи" аиааира иақәгәыӷуа ашьапылампылтә дәы иқәлеит.
Аиааира ада ԥсыхәа шрымамыз еилкаауа гәдоуҭаа ирылшоз зегь ҟарҵон. Уи алҵшәагьы аанашьҭит. Ампыл ҭаиршәит ахәмарыҩ Аинар Гамсаниа - 1:0.
"Нарҭ" уи аҭакс ижәылеит, аха илҵшәадахеит.
Аиԥылара ахыркәшарахь ианнеиуаз аҟәатәи акоманда ашьапылампыласыҩцәа лассы-лассы ажәалара иалагеит, аха "Риҵа" ахәмарыҩцәа ампыл аҭаршәра алдыршомызт.
Ахәмарра ахыркәшара минуҭқәак шагыз "Нарҭ" ахәмарыҩцәа ампыл ҭадыршәит, уи алагьы 1:1 ҳәа еиҭахеит. Ари аҟәатәи акоманда аиааираз алшара анаҭеит.
Ачемпионат аихшьаалақәа рыла ахԥатәи аҭыԥ ннакылеит "Гагра", 41 кәатала аманы.
Таращ Хагба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2021
Ҭарашь Ҳагба Аԥсны ашьапылампыл азы: аҿиарамҩа ианылароуп
Ажәабжьқәа зегьы
0