Аԥсны

Аԥсуа ҩы: иҭыҵит адокументалтә фильм аԥсуаа рыбзазара иахәҭаку аҩыҟаҵара иазкны

"Аԥсны аҩыҟаҵара" иазкыу адокументалтә фильм ӡырган ԥхынҷкәынмза 30 ателеканал "Абаза-ТВ" аҟны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik. Иҭыҵит хԥа-ԥшьба шықәса раахыс зҭыхрақәа цоз Аԥсны аҩыҟаҵара иазку адокументалтә фильм, иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз афильм автор, акинорежиссиор Ибрагим Ҷкадуа.
"Афильм аҭыхра иаԥшьгамҭоуп Николаи Ачба (анаплакы "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" адиректор хада - азгә.). Уи аамҭазы аҭоурыхҭҵааҩы Фарид Кобахиеи иареи ашәҟәы аҭыжьра аус иаҿын. Сара снапаҿы исоуит уи аматериал атекст, афильм еиҳарак уи ашәҟәы иадысцәылеит. Жәаҳәарада, ас еиԥш иҟоу аус аҭҵаарақәа ахьаҭахыу аҭыԥқәагьы ыҟоуп. Убри аҟынтәи асценариа Фарид исырбеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Атрадициеи аҭоурыхи: Sputnik аҿы еиҭарҳәеит ажәытәан аԥсуаа аҩы шыҟарҵоз
Аҩы аҟаҵареи аҭатәареи аус аҟны иамоу акәамаҵамарақәа зегь афильм аҟны иаарԥшхарцаз, арежиссиор уи аус иҽагәылаирхалеит. Аӡахәа еиҭаиҳаит, ажь иҭааит.

"Уаанӡа иҭысххьаз афильм азкын Аԥсна аԥара ахархәара аҭоурых, Асҭамыр Ҭаниеи сареи ҳашәҟәы аҵаҵӷәы ала. Убри аҟнытәи уа иҭысхуаз еилкааны исыман. Аҩыҟаҵара ари зынӡа даҽа хырхарҭак ауп, ара ақьабз, афольклор, аҭоурых, археологиа уҳәа ирацәоуп еидҳәалоу ахәҭақәа", - ҳәа еиҭаиҳәоит Ҷкадуа.

"Аԥсны аҩыҟаҵара" адокументалтә фильм анҭырхоз аамҭазы, Мыркәыла ақыҭа ажрақәа раан ирԥшааит ажәытә ҳаԥшьақәа.
"Ари ажәабжь Sputnik аҟны ишаасаҳаз иаразнак уахь амҩа сықәлеит, иагьҭысхит аҳаԥшьақәа анышә ишыҵырхуаз ишыдрыцқьуаз зегьы. Афильм акы алазгалон, исыриашон", - ҳәа азгәеиҭеит Ибрагим Ҷкадуа.
Маркәылатәи анхарҭа ажрақәа раан аҵарауаа ажәытә ҳаԥшьақәа рыԥшааит
Арежиссиор иазгәеиҭеит, афильм шҭихыз Аԥсны аҩнуҵҟа мацара акәымкәан анҭыҵгьы ахәаԥшцәа аиурц азы. Аԥсны аҩыҟаҵара иазку адокументалтә фильм цоит 40 минуҭ.