АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рархеологцәа Маркәылатәи анхарҭа рҟны еицымҩаԥыргоз ажрақәа раан анышәаԥшь иалху хә-ҳаԥшьак рыԥшааит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҵарауаҩ Сурам Сақаниа.
"Ари аҭыԥ аҟны ажрақәа мҩаԥаагоит 2013 шықәса раахыс. Маркәылатәи анхарҭақәа аԥсуа археологиеи, Аԥсны аҭоурыхи рзы аинтерес ду зҵоу ҭыԥуп. Аусурақәа мҽхакы ҭбаала иаҳзымҩаԥгаӡом, избан акәзар ажрақәа иазоужьу аԥара маҷуп", - иҳәеит Сақаниа.
Археолог иажәақәа рыла, араҟа есышықәса ирыԥшаауеит зҵакы дуу аԥшаахқәа.
"Сынтәа аусурақәа ҳрылагеит ԥхынгәы 22 рзы, ажрақәа аамҭа-аамҭала имҩаԥаҳгоит, избанзара амшқәа цәгьан, ақәа леиуан, аусурақәа рзы аҭагылаазашьа ыҟамызт. Анхарҭа аладатәи ахәҭа аҟны ашурфқәа шьҭаҳҵеит, ҵыԥх араҟа иҳамшааит акерамика лыхқәа", - иҳәеит иара.
Ари аамҭа иаҵанакуа иҵегьы акыр ҳбозар ҳәа ҳусурақәа ирыцаҳҵоит ари анхарҭа ахәҭаҟны, иҳәеит аҵарауаҩ.
Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан 2013 шықәсазы иԥшаан антикатә аамҭа иаҵанакуа, абжьарашәышықәсагьы здызкыло ижәытәӡатәиу анхарҭа. Урыстәылеи Аԥсни рархеологцәа ари аҭыԥ аҭҵаара рнапы алакуп. Аҭҵаарақәа аурыс ган напхгара алҭоит Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Археологиа аинститут аклассикатә археологиа аҟәша аиҳабы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Галина Требелева, аԥсуа ган- Сурам Сақаниа.
Маркәылатәи аиланхарҭа жәытә – Аԥсуа ҭӡеибаркыра ду аҩнуҵҟа иҟоу, ажәытәтәи ауааԥсыра рыбзазареи рҭоурыхи зныԥшуа ҭыԥуп.