Аԥсны

Бжьаниа Коков идиныҳәалеит Ҟабарда-Балкариа ашьақәгылара 100-шықәса ахыҵра

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа адныҳәалара изишьҭит Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика ахада Казбек Коков атәыла шьақәгылеижьҭеи 100-шықәса аҵра инамаданы.

"Ҳатыр зқәу Казбек Валера-иԥа! Гәыкала ишәыдысныҳәалоит акыр зҵазкуа ахҭыс - Ҟабарда-Балкариа Автономтә Аобласт аԥҵара 100-шықәса ахыҵра", - ҳәа аҳәоит ахада ипресс-маҵзура иаланарҵәаз адныҳәалара аҟны.

Бжьаниа иазгәеиҭеит, Ҟабарда-Болкариа даара акырзҵазкуа амҩа ишанысыз, еснагь ишхьӡырҳәагаз иара ахатәы культуралеи, милаҭрацәала икәынхо ажәлар рџьауси реихьӡарақәеи рыла.
"Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика иқәынхо рхатәы традициақәа еиқәырхо ԥхьаҟа инаргоит. Ареспублика иахьа аизҳара амоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ахада.
Иҳәеит, Аԥсни Ҟабардеи иқәынхо ажәларқәа аиашьаратә еимадара шрыбжьоу, Аԥсуа жәлар ҭабуп ҳәа шрарҳәо Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага 1992-1993 шықәсқәа рзы хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз.
Аԥсны
Иԥсҭазаара далҵит хатәгәаԥхарала еибашьуаз Аԥсны Афырхаҵа Алхазур Сулеиманов