Австралиа "Спутник V" алаҵа ззыҟаҵоу атәыла ралалара азин ҟанаҵеит

Атәыла аҭааразы Австралиа Атерапиатә тауарқәа русбарҭа (TGA) ззин ҟанаҵо алаҵа узыҟаҵазароуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 – Sputnik. Австралиа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра азин ҟанаҵеит урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" адозақәа ҩба змоу атәыла иалаларазы ҳәа аанацҳауеит РИА-Новости.
Аҭҵаарақәа рышьҭахь ишьақәыргылан "Спутник V" акоронавирустә инфекциаҟынтә уахьчар шалшо, егьырҭ ауаагьы аҿкы рыларҵәара шыланарҟәуа. Убри аан алаҵаҟаҵара аҵыхәтәантәи арыцхә инаркны атәыла алалара арыцхә аҟынӡа мчыбжьык еиҵамкәа ибжьазароуп. "Спутник Лайт" алшарақәа Аусбарҭа иазхоны иаԥхьаӡом.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы "Спутник V" ААЕ иазханаҵо иазханамҵо атәы рҳәеит
Убри аан Австралиа аиҳабыра иазгәарҭоит урыстәылатәи алаҵа азхаҵара ишаанамго изҭаху зегьы рыдкылара ауеит ҳәа. Усеиԥш азыӡбан астудентцәа, аҟазауаа, абизнесуаа, аспортсменцәа атәылахь рыхынҳәра армариаразы.
Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Алексеи Кузнецов иажәақәа рыла, "Спутник V" азхазҵаз аҳәынҭқаррақәа рхыԥхьаӡара уи хра шамоу аанарԥшуеит.