Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы "Спутник V" ААЕ иазханаҵо иазханамҵо атәы рҳәеит

© Sputnik / Кирилл КаллиниковАмпулы с вакциной "Гам-Ковид-Вак" ("Спутник V") в пункте вакцинации от коронавируса COVID-19 на территории ТЦ "Европейский" в Москве.
Ампулы с вакциной Гам-Ковид-Вак (Спутник V) в пункте вакцинации от коронавируса COVID-19 на территории ТЦ Европейский в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2022
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәынмза аҽеиҩшамҭазы Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаараҿы аҳәамҭа ҟарҵеит ашықәс ҿыц актәи аԥшьбарак азы иазхарҵар шрылшо.
АҞӘА, ажьырныҳәа 2 - Sputnik. Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" азхаҵара азҵаара аԥеиԥш шамоу уҳәартә иҟоуп, аха урҭ ацәажәарақәа ҳдырҭынчырц азоуп изыҟоу ҳәа РИА Новости аҟны аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Панкин.
"Арҭ ацәажәарақәа агәыӷра ҳарҭоит, аха даҽакала уахәаԥшуазар, баша ҳгәы дырҭынчырц рҭахушәагьы ҳахәаԥшуеит - актәи аԥшьбарак азы ма ашықәсбжазы акәушәа ("Спутник V" аназхарҵо. — азгә.)", — иҳәеит иара.

Урыстәылаҟа ажьырныҳәамзазы иаараны иҟоуп Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара аинспекциа, уи атехнологиатә процессқәа гәанаҭарц агәы иҭоуп.

"Спутник V" азхаҵоуп 70 тәыла рҿы, ззеиԥш уааԥсыра ԥшь-миллиардк иреиҳау (Адунеи иқәынхо ауааԥсыра рзеиԥш хыԥхьаӡара абжеиҳарак). Убри аан Еиду Америкатәи аштатқәеи Евроеидгыла атәылақәеи рҟны уи ахархәара амаӡам.
Работа станции скорой помощи - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2021
Аԥсны
Аԥсны ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы алаҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа раамҭеихшара еилкаахеит
"Спутник V" аԥнаҵеит Н.Ф. Гамалеи ихьӡ зху Аепидемиологиеи амикробиологиеи рмилаҭтә ҭҵаарадырратә центр аҿы Урыстәылатәи ииашоу аинвестициақәа рфонд ацхыраарала. Ари адунеи аҿы раԥхьаӡа акәны иҭарҩыз акоронавирус аҟынтәи лаҵоуп. Уи аклиникатә ԥышәарақәа рылҵшәақәеи еиуеиԥшым атәылақәа (Аргентина, Сан-Марино, Сербиа, Венгриа, Бахреин, Мексика, Еиду Арабтәи аемиратқәа, Белоруссиа) рҟны ахархәашьақәеи шаҳаҭра руеит ари алаҵа зегь реиҳа ишәарҭам, хаҳара злоу акоронавирус аҟынтәи алаҵа шакәу.
Ажәабжьқәа зегьы
0