"Иагу рхыԥхьаӡара зынӡа имаҷуп. Арҵаҩцәа зегьы русураҿы иҟоуп. Иахьазы ахәыҷқәа рҟынтә ачымазара зманы ҳәа иаадыруа ҭаацәарак роуп. Урҭгьы рхы ԥхьакны иҟоуп, аҭак рмоуцт. Арҵаҩцәа рахьынтә ачымазара зыхьхьоу маҷӡам. 12% арҵаҩратә еилазаара аҟынтә алаҵа ҟарҵахьеит, ирацәаҩуп ачымазара зхызгаз, макьана ацәеижьҿагылақәа змоу. Аамҭа ахылар, алаҵа ҟарҵарц ргәы иҭоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Гәынԥҳа.
Ашкол адиректор еиҭалҳәеит афымцалашаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, акласстә уадақәа рҿы аԥхарра ахьынӡаҟоу, аҵаҩцәа ирзыманшәалоу аҭагылазаашьа ахьынӡаԥҵоу.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.