Аԥсны

Аԥсны акоронавирус даҽа 130-ҩык ирыдырбалеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 39115 -ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 34007-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 577-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 18- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 461-ы Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 130-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа: 79, 90 шықәса зхыҵуаз ахацәа.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 844-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 36-ҩык, ибжьаратәуп - 48-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык, урҭ рахьтә 20-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 11-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 21-ы, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәаҩык ачымазцәа шьҭоуп.