Аԥсны

Изакәаншьаҭадоу "Лирика" аиагараз Аԥсны атәылауаҩ даанкылоуп

Краснодартәи атәылаҿацә аусҭҵааратә ҟәша аурыс-аԥсуа ҳәаа анаркотикатә маҭәашьар "Лирика" ахыгараз ашьаус хацнаркит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik. Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа дааныркылеит анаркотикатә маҭәашьар зыдкылан иҟаз Аԥсны атәылауаҩ ареспубликахь "Лирика" аҭагалара зҽазызшәоз, ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥсны
Закәаншьаҭада аурыс-аԥсуаа ҳәаа "алирика" ахызгоз Аԥсны атәылауаҩ даанкылоуп
Ахаҵа шьапыла Урыстәылантә Аԥсныҟа дҭалон. Аҳазалхыҩцәа ззин ыҟам атауар ма амаҭәар умоума ҳәа рызҵаара аҭакс мап ҳәа иҳәеит.
Аидара иааигоз акинологцәа адгаланы агәаҭараан идырбалеит амаҭәашьар "Лирика"– прегабалин 27 капсула.
Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аусҭҵааратә ҟәша абри ахҭыс аганахь ала ашьаус хацнаркит УА АЗ ахәҭаҷ 226.1 ахәҭа 1 инақәыршәаны иаанкылоу ауҩы иигоз апрепорат азы арбагақәеи адокументқәеи ахьимамыз азы.
Азинеилагаҩ иқәырҵар ҟалоит 12 шықәса ихақәиҭра иалхәыдатәра, миллионк ахараԥсеи, ма хәышықәса рыҩнуҵҟатәи иулафахәы, ма хәышықәса рыҩнуҵҟа иоуа аҽа хашәалак.