Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Закәаншьаҭада аурыс-аԥсуаа ҳәаа "алирика" ахызгоз Аԥсны атәылауаҩ даанкылоуп

© Foto / пресс-служба Краснодарской таможни по городу СочиНа российско-абхазской границе задержан автомобиль с "лирикой"
На российско-абхазской границе задержан автомобиль с  лирикой   - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәылауаҩ иганахьала ашьаус хацыркуп анырра ӷәӷәа ҟазҵо амаҭәашьар аконтрабандазы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 24- Sputnik. Анаркотикеикәыршара ахылаԥшраз Шәачатәи аусбарҭа русзуҩцәа имҩаԥыргаз аԥшаара-гәаҭаратә уснагӡатәқәа ирыбзоураны агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Адлер" аҿы даанкылан закәаншьаҭада Аԥсныҟа "алирика" алазгалоз.
Анырра ӷәӷәа ҟазҵо амаҭәашьар рбеит Аԥсныҟа иалалоз амашьына "LADA2107" аҟны.
© Foto / пресс-служба Краснодарской таможни по городу Сочи

Закәаншьаҭада аурыс-аԥсуаа ҳәаа "алирика" ахызгоз Аԥсны атәылауаҩ даанкылоуп

Закәаншьаҭада аурыс-аԥсуаа ҳәаа "алирика" ахызгоз Аԥсны атәылауаҩ даанкылоуп - Sputnik Аҧсны
1/2

2/2

Иазгәаҭоуп, амашьына аԥсҟы зкыз 1993 шықәсазы ииз Аԥсны атәылауаҩ аҳазалхратә еилакы ахь аҳазалхратә декларациа шалимҵаз, аҳәаа ахыгаразы ззин ыҟам амаҭәашьарқәа имоу имамуи ҳәа иҭаз азҵаара мап шацәикуаз.
Акинологцәеи аҳәаахьчаҩцәеи амашьына еицгәарҭеит, амашьына аҩнуҵҟа аԥхьатәи атәарҭа анапықәҵарҭа ишаҵаз рбеит аҳәаа ахыгаразы ззин ыҟам ахәшә - "Лирика" 20 капсул реилаҳәыра.
Апрепарат афизика-химиатә гәаҭара иахыжьын, аекспертиза ишьақәнырӷәӷәеит урҭ амаҭәашьарқәа анырра ӷәӷәа ҟазҵо апрегабалин шакәыз.
Ахаҵа иажәақәа рыла апрепарат Москва иааихәеит иара ихазын. Аха убри аан иара имамызт ишааихәаз атәы зҳәо изакәызаалак шәҟәыкгьы.
Урыстәылатәи Афедерациа азакәан 226 ахәҭаҷ инақәыршәаны, анырра ӷәӷәа ҟазҵо амаҭәашьар урыстәылатәи аҳәаа ахыгара изакәаншьаҭадоуп. Шәача ақалақь Краснодартәи аҳазалхратә аусбарҭа ашьаус хацнаркит анырра ӷәӷәа ҟазҵо амаҭәашьар азы.
Патрульные машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.12.2021
Аԥсны
Аԥсны ААР анаркотикқәа рыҵәахреи рыҭиреи рзы ашьаусқәа хацнаркит
Ажәабжьқәа зегьы
0