Шәача аԥшацәгьа иахҟьаны ҩ-ҳаирпланк зымтәеит

Ажьырныҳәа 18 рзы аҳауагәаҭыҩцәа Шәача аԥша ӷәӷәа ықәлар алшоит ҳәа рыларҳәеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik. Шәача аԥшацәгьа иахҟьаны ҩ-ҳаирпланк зымтәеит, дара Анапеи Аминералтә ӡқәеи аеродромқәа рҟны итәеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ҟәыбинатәи аҳаирбаӷәазақәа "Аэродинамик" аоператор иажәақәа шьаҭас иганы.
Аоператор иажәақәа рыла, уи аԥхьа Nordwind иатәу аҳаирплан аԥшацәгьа иахҟьаны Шәача изымтәеит.
Иазгәаҭоуп, шәачатәи аҳаирбаӷәаза аус шауц ишауа, аха уи аан аԥшацәгьа иахҟьаны аихшанҵа аԥсахрақәа алагалахар алшоит ҳәа.
Краснодартәи атәылаҿацә аҿы агәҽанҵара рылаҳәоуп