Столтенберг Урыстәыла ахымҩаԥгашьоуп НАТО аҽырҭбаара мзызс иамоу ҳәа иҳәеит

Москва НАТО уаанӡатәи асовет тәылақәа арратә усеицура иаҟәыҵырц, дара рҵакырақәа рҿы арратә базақәа раԥҵара мап ацәыркырц, Урыстәыла аҳәаақәа рааигәара ажәыларатә хархәагақәа дмыргылаларц, Европантәи америкатәи аиадертә бџьар ықәыргарц адҵа ҟанаҵоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik. Аҩадаатлантикатәи аиҿкаара иахьазы активра 1991 шықәсазы"аибашьра хьшәашәа" аамҭақәа раан аасҭа еиҳауп, уи хықәкыс иамоу Урыстәыла аанкылароуп ҳәа иҳәеит The Wall Street Journal аинтервиу аҭо аиҿкаара ахада Иенс Столтенберг. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада иҳәеит Владимир Путин алианс ар Урыстәыла аҳәаақәа рааигәара иҟалар шырҭахым иҳәоит, аха дара рхымҩаԥгашьа урҭ еиҳагьы НАТО ар реизырҳарахь икылнагеит ҳәа.

"Уажәы Европа игылоу америкатәи асолдаҭцәа быжьшықәса раԥхьа игылаз раасҭа акыр еиҳауп", - ҳәа иҳәеит Столтенберг.

Иара убасгьы иҳәеит аиҿкаара активла аҽырҭбаара иалагеит 2014 шықәса рзы Урыстәыла Ҟрым анага ашьҭахь ҳәа. НАТО иахьазы хықәкыс иамоу Урыстәыла аанкылароуп ҳәа иҳәеит иара.
Ажьырныҳәа 12 рзы Бриуссель Урыстәыла ААР аделегациеи аиҿкаара атәыла-лахәылацәа рҟынтәи рколлегацәеи еиԥылеит, аха иаку акы изазкылымсит. Урыстәылатәи аган хра знаҭоз азҵаарақәа алианс ахада мап рцәикит. Урыстәыла ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Грушко иазгәеиҭеит иҟоу аибарххара ашәарҭара дуқәа рахь икылнагар шалшо.
Лавров: НАТО-и ЕАА-и ашәарҭадаразы рҭак ҳазыԥшнаҵы ҳгәыҳҽануп