Арҭ амшқәа рзы Аԥсны дааны дыҟоуп Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба. Убасгьы Аԥсны иҟоуп Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа зхадараҿы дыҟоу Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа рделегациа. Ажьырныҳәа 17 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа ирԥылеит.
"Аделегациа зегьы ҳаицны ҳааит Аԥсни Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуааи реизыҟазаашьа иҵегьы ԥхьаҟа агаразы, иҟоу ауадаҩрақәа ҳаицәажәаны иҳаӡбаразы, алҵшәа аиурц. Аҳәаанырцәтәи, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррақәа, апарламент аҟны аилацәажәарақәа ҳамоуп, насгьы астудентцәа рганахьала ауадаҩрақәа рыӡбара, ацара-ааразы ҳамҩа армариара ҳалацәажәоит, уа иҟоу ҳџьынџьуаа атәылауаҩшәҟәқәа убра ироуртә, ҭынч арахь изаартә еиԥш. Ҭырқәтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьа ԥхьаҟа ишыҟало, иҳамоу аимадара иҵегьы ирҭбааны алҵшәа аиуртә ишыҟаҳҵаша ҳалацәажәеит. Зегь раасҭа ихадоу ҳәа ҳазхәаԥшуа аус - уи Ҭырқәтәыла иҟоу ҳауаажәлар арахь игьежьырц азы рымҩа аартроуп. Аҩбатәи (ҳџьынџьуаа – азгәаҭа) - атәылауаҩра рыҭара азҵаара аганахьала аус ҳуеит. Апроблемақәа еилкааны иҟоуп зегьы, уажәшьҭарнахыс урҭ апроблемақәа рҳәара акәӡам, рыӡбара ауп ҳгәы иҭоу, уи азы ашьаҿа ҟаҳҵеит, аҵыхәтәанынӡа инаҳгоит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Аҩӡба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара аудиофаил аҟны, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.