https://sputnik-abkhazia.info/20220119/aba-ynuaai-asni-reimadarazy-auadaraa-rty-aara-akam-abaroup-gy-iou-1037205887.html
Аҩӡба ҳџьынџьуааи Аԥсни реимадаразы: ауадаҩрақәа ртәы аҳәара акәӡам, аӡбароуп ҳгәы иҭоу
Аҩӡба ҳџьынџьуааи Аԥсни реимадаразы: ауадаҩрақәа ртәы аҳәара акәӡам, аӡбароуп ҳгәы иҭоу
Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа рделегациеи... 19.01.2022, Sputnik Аҧсны
2022-01-19T21:50+0300
2022-01-19T21:50+0300
2022-01-19T21:50+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/13/1037206085_0:0:1315:741_1920x0_80_0_0_765b730f40ac8763518dbdbc6ac66f8a.jpg
Аҩӡба ҳџьынџьуааи Аԥсныи реимадаразы: ауадаҩрақәа ртәы аҳәара акәӡам, аӡбароуп ҳгәы иҭоу
Sputnik Аҧсны
Аҩӡба ҳџьынџьуааи Аԥсныи реимадаразы: ауадаҩрақәа ртәы аҳәара акәӡам, аӡбароуп ҳгәы иҭоу
Арҭ амшқәа рзы Аԥсны дааны дыҟоуп Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба. Убасгьы Аԥсны иҟоуп Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа зхадараҿы дыҟоу Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа рделегациа. Ажьырныҳәа 17 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа ирԥылеит."Аделегациа зегьы ҳаицны ҳааит Аԥсни Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуааи реизыҟазаашьа иҵегьы ԥхьаҟа агаразы, иҟоу ауадаҩрақәа ҳаицәажәаны иҳаӡбаразы, алҵшәа аиурц. Аҳәаанырцәтәи, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррақәа, апарламент аҟны аилацәажәарақәа ҳамоуп, насгьы астудентцәа рганахьала ауадаҩрақәа рыӡбара, ацара-ааразы ҳамҩа армариара ҳалацәажәоит, уа иҟоу ҳџьынџьуаа атәылауаҩшәҟәқәа убра ироуртә, ҭынч арахь изаартә еиԥш. Ҭырқәтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьа ԥхьаҟа ишыҟало, иҳамоу аимадара иҵегьы ирҭбааны алҵшәа аиуртә ишыҟаҳҵаша ҳалацәажәеит. Зегь раасҭа ихадоу ҳәа ҳазхәаԥшуа аус - уи Ҭырқәтәыла иҟоу ҳауаажәлар арахь игьежьырц азы рымҩа аартроуп. Аҩбатәи (ҳџьынџьуаа – азгәаҭа) - атәылауаҩра рыҭара азҵаара аганахьала аус ҳуеит. Апроблемақәа еилкааны иҟоуп зегьы, уажәшьҭарнахыс урҭ апроблемақәа рҳәара акәӡам, рыӡбара ауп ҳгәы иҭоу, уи азы ашьаҿа ҟаҳҵеит, аҵыхәтәанынӡа инаҳгоит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Аҩӡба.Инеиҵыху аиҿцәажәара аудиофаил аҟны, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/13/1037206085_0:0:1315:987_1920x0_80_0_0_e8433fac530502fd754d8858e5e551df.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Аҩӡба ҳџьынџьуааи Аԥсни реимадаразы: ауадаҩрақәа ртәы аҳәара акәӡам, аӡбароуп ҳгәы иҭоу
Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа рделегациеи иареи ари амчыбжь азы ирымоу аиԥыларақәа, урҭ рхықәкы атәы.
Арҭ амшқәа рзы Аԥсны дааны дыҟоуп Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба. Убасгьы Аԥсны иҟоуп Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа зхадараҿы дыҟоу Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа рделегациа. Ажьырныҳәа 17 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа ирԥылеит.
"Аделегациа зегьы ҳаицны ҳааит Аԥсни Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуааи реизыҟазаашьа иҵегьы ԥхьаҟа агаразы, иҟоу ауадаҩрақәа ҳаицәажәаны иҳаӡбаразы, алҵшәа аиурц. Аҳәаанырцәтәи, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррақәа, апарламент аҟны аилацәажәарақәа ҳамоуп, насгьы астудентцәа рганахьала ауадаҩрақәа рыӡбара, ацара-ааразы ҳамҩа армариара ҳалацәажәоит, уа иҟоу ҳџьынџьуаа атәылауаҩшәҟәқәа убра ироуртә, ҭынч арахь изаартә еиԥш. Ҭырқәтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьа ԥхьаҟа ишыҟало, иҳамоу аимадара иҵегьы ирҭбааны алҵшәа аиуртә ишыҟаҳҵаша ҳалацәажәеит. Зегь раасҭа ихадоу ҳәа ҳазхәаԥшуа аус - уи Ҭырқәтәыла иҟоу ҳауаажәлар арахь игьежьырц азы рымҩа аартроуп. Аҩбатәи (ҳџьынџьуаа – азгәаҭа) - атәылауаҩра рыҭара азҵаара аганахьала аус ҳуеит. Апроблемақәа еилкааны иҟоуп зегьы, уажәшьҭарнахыс урҭ апроблемақәа рҳәара акәӡам, рыӡбара ауп ҳгәы иҭоу, уи азы ашьаҿа ҟаҳҵеит, аҵыхәтәанынӡа инаҳгоит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Аҩӡба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара аудиофаил аҟны, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.