Аԥсны

Гәдоуҭа араион ахәҭак лашарада иаанханы иҟоуп

Афымцамчусзуҩцәа аилкаара иаҿуп аҳауатә цәаҳәа "Калдахәара" аҿы аԥхасҭа зыхҟьаз аилкаара иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 - Sputnik. Фымцалашарада иаанханы иҟоуп Гәдоуҭа араион ахәҭак ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп астанциа маҷ "Бзыԥ" аҿы аҳауатә цәаҳәа "Калдахәара" ыцәеит ҳәа.
Фымцалашарада иаанханы иҟоуп астанциа маҷқәа: "Мысра", "Мысра-а́хага", "Гәдоуҭа-110", "Гәдоуҭа-а́хага" (Т1) , "Лыхны".
Афымцамчусзуҩцәа алашара ацәара зыхҟьаз аилкаара иаҿуп, ацәаҳәаҿы аԥхасҭа ҟалазар ҟалап.
Ҩаха-ҩымш раахыс Аҟәа Ладариа имҩаҿи уи азааигәара иҟоу амҩақәеи рҿы инхо ауааԥсыра лашарада иҟоуп. Уа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цоит. Адгьыл ихәыҵаз афымцацәаҳәа аҭыԥан аҳауатә бжьарҵарц рыӡбеит. Аусурақәа хдыркәшоит ҳәа ргәы иаанагоит ажьырныҳәа 19 ахәылбыҽха.