АҞӘА, ажьырныҳәа 19- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 410-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 128-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит хҩык апациентцәа: 81, 82 шықәса зхыҵуаз аҳәсеи 37 зхыҵуаз ахаҵеи.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 86-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 36-ҩык, ибжьаратәуп - 50-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык, урҭ рахьтә 20-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 11-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 22-а, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәаҩык ачымазцәа шьҭоуп.