Аԥсны

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аҟәа амитинг иалахәыз иганахьала азыӡба аԥсахит

Иаанкылоу харас ирыдырҵоит ауаа рацәа злахәу аиҿагыларақәа рылахәра.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 – Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшаратә коллегиа Баҭал Ҵәыџьба иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аԥсахит.

Уаанӡа Баҭал Ҵәыџьба мызки жәохәымши, жәабран 22 рҟынӡа ихақәиҭра далхәыдатәызарц иаӡбеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа.

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиа Баҭал Ҵәыџьба иганахь ала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба ԥсахны жәабран 22 рҟынӡа аҩнытә баандаҩра даҵанаркит.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы иара убасгьы ажьырныҳәа 19 азы ахашшааратә шшыԥхьыӡ иахәаԥшраны иҟоуп Баграт Сурмаа иганахьала.
Аԥсны
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа амитинг иалахәыз ҩыџьа раанкылара ахьынӡаиашоу еилнаргоит
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса рзы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысит ззин рыҭамыз амитинг, анаҩс уи аҿагыларатә акциахь ииасит.
Ԥхынҷкәын 23 рзы Аҟәатәи апрокуратура ашьаус хацнаркит ԥхынҷкәын 21 рзы ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласрақәа реиҿкаареи рылахәхареи афакт азы.
Ажьырныҳәа 8 рзы Аҟәа апрокуратура иааннакылеит урҭ аибарххарақәа ирылахәыз хәҩык ауаа.
Ажьырныҳәа 11 рзы Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылаҩцәа ҩыџьа Баҭал Ҵәыџьбеи Аслан Ҭаниеи рганахьала азыӡбақәа аднакылеит. Баҭал Ҵәыџьба – мызки жәохәымши, жәабран 22 рҟынӡа ихақәиҭра далхәыдатәызарц иқәнаҵеи. Ҭаниа жәохәымш, ажьырныҳәа 23 рҟынӡа.
Рамаз Џьопуа – хәажәкыра 22 рҟынӡа аҩнытә баандаҩра даҵакызарц.
Баграт Сурмаа иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аднакылеит ҩажәамш - ажьырныҳәа 28 рҟынӡа даанкылазарц.
Анрик Инаԥшьба мызкы ҳәа - жәабран 8 рҟынӡа дбаандаҩызарц иқәырҵеит.
Баграт Сурмаа ажьырныҳәа 28 рҟынӡа дҭактәуп ҳәа азырыӡбеит, Ҵәыџьба – жәабран 22 рҟынӡа.