Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа амитинг иалахәыз ҩыџьа раанкылара ахьынӡаиашоу еилнаргоит

© Sputnik / Томас ТхайцукВерховный суд Абхазии
Верховный суд Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2022
Анапаҵаҩра
Иаанкылоу харас ирыдырҵоит Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 206 ахәҭа 2 ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоура - ауаа рацәа злахәу аиҿагыларақәа рылахәра.
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿагыларатә акциа алахәылацәа Баграт Сурмааи Баҭал Ҵәыџьбеи рдукатцәа иҟарҵаз рышшыԥхьыӡ инақәыршәаны Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭа ахьынӡаиашоу еилнаргоит. Абри атәы аанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит.
Баграт Сурмаа иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аднакылеит ҩажәамш - ажьырныҳәа 28 рҟынӡа даанкылазарц. Баҭал Ҵәыџьба – мызки жәохәымши,- жәабран 22 рҟынӡа.
Ҵәыџьба идукат ишшыԥхьыӡ иахәаԥшоит ажьырныҳәа 19, асааҭ 11:00 рзы, Сармаа идукат ишшыԥхьыӡгьы уи аҽны иахәаԥшоит асааҭ 14:00 рзы.
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса рзы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысит ззин рыҭамыз амитинг, анаҩс уи аҿагыларатә акциахь ииасит.
Ԥхынҷкәын 23 рзы Аҟәатәи апрокуратура ашьаус хацнаркит ԥхынҷкәын 21 рзы ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласрақәа реиҿкаареи рылахәхареи афакт азы.
Ажьырныҳәа 8 рзы Аҟәа апрокуратура иааннакылеит урҭ аибарххарақәа ирылахәыз хәҩык ауаа.
Прокуратура Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2022
Аԥсны
Апрокуратура рҿахәы рҿырхит Аҟәа амитинг ҳалахәын ҳәа арзаҳалқәа назгаз ауаа
Иаанкылоу харас ирыдырҵоит Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 206 ахәҭа 2 ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоура - ауаа рацәа злахәу аиҿагыларақәа рылахәра.
Ажьырныҳәа 11 рзы Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылаҩцәа ҩыџьа Баҭал Ҵәыџьбеи АСлан Ҭаниеи рганахьала азыӡбақәа аднакылеит. Баҭал Ҵәыџьба – мызки жәохәымши, жәабран 22 рҟынӡа ихақәиҭра далхәыдатәызарц иқәнаҵеи. Ҭаниа жәохәымш, ажьырныҳәа 23 рҟынӡа.
Рамаз Џьопуа – хәажәкыра 22 рҟынӡа аҩнытә баандаҩра даҵакызарц.
Баграт Сурмаа иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аднакылеит ҩажәамш - ажьырныҳәа 28 рҟынӡа даанкылазарц.
Анрик Инаԥшьба мызкы ҳәа - жәабран 8 рҟынӡа дбаандаҩызарц иқәырҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0