АҞӘА, ажьырныҳәа 19- Sputnik. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәылаҿы урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара 2022 шықәса ажьырныҳәамзатәи еиқәнаршәеит.
Ажьырныҳәамзатәи атәанчахәыҭара аграфик инақәыршәаны, ажьырныҳәа 17, 18 рзы атәанчахәы роуеит 1940 шықәсанӡа ииз атәанчаҩцәа. Ажьырныҳәа 19, 20 рзы - 1941-1947 шықәсқәа рзы ииз.
Ажьырныҳәа 21, 22, 24 рзы - 1948-1950 шықәсқәа рзы ииз.
Ажьырныҳәа 26, 27 рзы - 1951-1953 шықәсқәа рзы ииз.
Ажьырныҳәа 28, 31 рзы - 1954-1956 шықәсқәа рзы ииз.
Жәабран 1 инаркны - 1957 шықәса рынахыс ииз атәанчаҩцәа.