Аԥсны

Риҵаҟа амҩа адыркит асықәгагатә техника ахьыԥхасҭахаз азы

Ажьырныҳәа 18 - 19 рзы Риҵатәи ареликттә парк аҿы 50 сантиметра рҟынӡа асы леиит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Риҵаҟа амҩа адыркит асықәгагатә техника ахьыԥхасҭахаз азы ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит апарк абнахьчаҩ хада Ҭенгьиз Џьергьениа.
Аԥсны
Камантәи аберҭыԥ аганахь ала амашьынақәа рныҟәара ԥкуп ажьырныҳәа 18 инаркны
Ажьырныҳәа 18 - 19 рзы Риҵатәи ареликттә парк аҿы 50 сантиметра рҟынӡа асы леит. Ашьхараҿгьы амҩа 24-тәии 40-тәии акилометрақәа рыбжьара ҩ-сыԥсак леит.

"Асыԥса леит Риҵанӡа унаӡаанӡа. Иара убасгьы амҩа ианаҳалеит ихжәаз аҵлақәа. Аусзуҩцәа неины аҭыԥ дрыцқьеит. Уажәы атехника аремонт аназыруа ҳәа ҳаԥшуп. Иахьазы иалгароуп", - иҳәеит Џьергьениа.

Риҵатәи апарк ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ ажьырныҳәа 20 инаркны аусура азԥхьагәаҭоуп.