Аԥсны

Асабша, ажьырныҳәа 22 Аԥсны ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik. Асабша, ажьырныҳәа 22 Аԥсны ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп, абри азы аиҭакрақәа алагалоуп жьҭаара 28 2021 шықәсазы Аԥсны аминистрцәа реилазаара ишьақәдырӷәӷәаз аусԥҟа №109 "2022 шықәсазтәи аԥсшьареи аныҳәатә мшқәеи рамзар" ахь ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Уи аԥхьа, асабша, ажьырныҳәа 22 усуратә мшхоит ҳәа рылаҳәан ахәаша, ԥхынҷкәын 31 ахаҭыԥан, уи аҽны ԥсшьарамшыцҵаны ишьақәырӷәӷәан.
Аԥсны
Аԥсны ԥхынҷкәын 31 ԥсшьарамшыцҵаны ирылаҳәоуп