Аԥсны

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Баграт Сурмаа иаанкыларазы аӡбамҭа амԥсахӡеит

Баграт Сурмаа ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысыз ззин рыҭамыз амитинг далахәын ҳәа ахара ихарарҵоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиа Баграт Сурмаа иаанкыларазы аӡбамҭа амԥсахӡеит.

Уи аԥхьа Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа Сурмаа ҩажәамш дҭактәуп ҳәа азырыӡбеит. Убас ала Сурмаа ажьырныҳәа 28 рҟынӡа дҭакызаауеит.

Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса рзы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысит ззин рыҭамыз амитинг, анаҩс уи аҿагыларатә акциахь ииасит.
Ԥхынҷкәын 23 рзы Аҟәатәи апрокуратура ашьаус хацнаркит ԥхынҷкәын 21 рзы ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласрақәа реиҿкаареи рылахәхареи афакт азы.
Аԥсны
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа амитинг алахәыла Ҭаниа дшырбаандаҩу дааннажьит
Ажьырныҳәа 8 рзы Аҟәа апрокуратура иааннакылеит урҭ аибарххарақәа ирылахәыз хәҩык ауаа.
Ажьырныҳәа 11 рзы Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылаҩцәа ҩыџьа Баҭал Ҵәыџьбеи Аслан Ҭаниеи рганахьала азыӡбақәа аднакылеит. Баҭал Ҵәыџьба – мызки жәохәымши, жәабран 22 рҟынӡа ихақәиҭра далхәыдатәызарц иқәнаҵеи. Ҭаниа жәохәымш - ажьырныҳәа 23 рҟынӡа.
Ажьырныҳәа 19 Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшаратә коллегиа Баҭал Ҵәыџьба иганахьала азыӡба аԥсахит, иара жәабран 22 рҟынӡа аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп.
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысыз амитинг аиҿкаареи аилаҩеиласрақәа рылахәреи рзы ашьаус хацыркуп
Амитинг алахәыла Ҭаниа аӡбарҭа дшырбаандаҩу дааннажьит.
Иара убас, хәажәкыра 22 рҟынӡа аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп Рамаз Џьопуа.
Мызкы, жәабран 8 рҟынӡа ихақәиҭра далхәдатәзаауеит Анрик Инаԥшьба.