Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа амитинг алахәыла Ҭаниа дшырбаандаҩу дааннажьит

© Sputnik / Владимир ФедоренкоМолоток судьи в витрине подарков в Государственной Думе
Молоток судьи в витрине подарков в Государственной Думе - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.01.2022
Анапаҵаҩра
Аслан Ҭаниеи даҽа ԥшьҩыки ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысыз ззин рыҭамыз амитинг иалахәын ҳәа иаанкылоуп АЗ ахәҭаҷ 206 ахәҭа 2 ала иазԥхьагәаҭоу ашьаус инақәыршәаны.
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиа Аслан Ҭаниа ажьырныҳәа 23 рҟынӡа дшырбаандаҩу дааннажьит.

Уаанӡа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбарала Ҭаниа 15-мш иқәнаҵеит, ажьырныҳәа 23 рҟынӡа. Ахашшааратә коллегиа ари аӡбамҭа шыҟаз иааннажьит.

Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса рзы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысит ззин рыҭамыз амитинг, анаҩс уи аҿагыларатә акциахь ииасит.
Ԥхынҷкәын 23 рзы Аҟәатәи апрокуратура ашьаус хацнаркит ԥхынҷкәын 21 рзы ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласрақәа реиҿкаареи рылахәхареи афакт азы.
Ажьырныҳәа 8 рзы Аҟәа апрокуратура иааннакылеит урҭ аибарххарақәа ирылахәыз хәҩык ауаа.
Ажьырныҳәа 11 рзы Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылаҩцәа ҩыџьа Баҭал Ҵәыџьбеи Аслан Ҭаниеи рганахьала азыӡбақәа аднакылеит. Баҭал Ҵәыџьба – мызки жәохәымши, жәабран 22 рҟынӡа ихақәиҭра далхәыдатәызарц иқәнаҵеи. Ҭаниа жәохәымш - ажьырныҳәа 23 рҟынӡа.
Рамаз Џьопуа – хәажәкыра 22 рҟынӡа аҩнытә баандаҩра даҵакызарц. Анрик Инаԥшьба мызкы ҳәа - жәабран 8 рҟынӡа дбаандаҩызарц иқәырҵеит. Баграт Сурмаа ажьырныҳәа 28 рҟынӡа дҭактәуп ҳәа азырыӡбеит, Ҵәыџьба мызки жәохә мши - жәабран 22 рҟынӡа.
Ажьырныҳәа 19 рзы имҩаԥысуаз Ахашшааратә коллегиа реилатәараҿы аҳәынҭқарратә харадҵаҩ аӡбаҩ Роман Кәарҷиа аус ахәаԥшраҟынтәи иқәгаразы азҵаара шьҭырхит, аӡбаҩи Сармаа иани еижәлантәқәоуп ҳәа ҵаҵӷәыс ишьҭыхны. Аӡбаҩцәа анеилацәажәа ашьҭахь азыҳәа иақәшаҳаҭхеит, аилатәара ахыргеит.
Верховный суд Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2022
Аԥсны
Аӡбарҭа Аҟәа амитинг иалахәыз руаӡәк ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра аамҭа инахеит
Ажьырныҳәа 19 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиа Баҭал Ҵәыџьба иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аԥсахит, жәабран 22 рҟынӡа аҩнытә баандаҩра иқәырҵеит.
Мызкы, жәабран 8 рҟынӡа ихақәиҭра далхәдатәзаауеит Анрик Инаԥшьба.
Молоток в зале судебных заседаний - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2022
Аԥсны
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аҟәа амитинг иалахәыз иганахьала азыӡба аԥсахит
Ажәабжьқәа зегьы
0