Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Нанба 2021-тәи ашықәс азы ашәахтәқәеи аизгақәеи рырбагақәа ирызкны

2021 шықәсазы шәахтә ҳасабла Аԥсны абиуџьет иалагалан 3 394,5 миллион мааҭ, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра. Иҳаҩсыз ашықәс алкаақәа ртәы инарҭбааны арадио Sputnik аефир аҿы иҟаиҵеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Џьансыхә Нанба.
Sputnik
"Иаҳхысыз ашықәс иацын имаҷымкәа ауадаҩрақәа. Апандемиа анырра ҟанаҵеит еиуеиԥшым ҳусура ахкқәа рынагӡараҿы. Аԥынгылақәа рацәаны ишыҟазгьы, егьырҭ ашықәсқәа ирҿырԥшны, аихьӡарақәа зныԥшуа арбагақәа ҳамоуп. Аплан иарбаз аасҭа 436 миллион мааҭ рыла еиҳаны иалагалан. Аплан 15% рыла еиҳаны инагӡоуп. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа инадыркны иахьа уажәраанӡа ари аҩыза арбагақәа ҟамлацызт", - иҳәеит Нанба.
Аԥсны ашәахәтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр араионқәа рырбагақәа ахҳәаа риҭеит, ҿыц иаарԥшыз ашәахтәшәаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡои, азакәанԥҵараҿы урыстәылатәи рколлегацәеи дареи русеицуреи дазааҭгылеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.