Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб ареспублика асанитар ҳақьым хадеи иареи реиԥылараан Лиудмила Скорик лнапы ианиҵеит ақәыԥшцәеи ахәыҷқәеи рыбжьара ахьҭалаларақәеи авирустә чымазарақәеи ахылаԥшра алҭаларц, амчыбжь нҵәаанӡа ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа рзы аинформациа азырхиазарц.
"Егьырҭ ашықәсқәа реиԥш сынтәагьы иазгәаҳҭеит ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи анарку, ичмазаҩу рхыԥхьаӡара акырӡа ишагхо, ҩынтә-хынтә раҟара. 17 мшы рыҩнуҵҟа ахәшәтәырҭа иадҵаалаит 949-ҩык. Мышкы 100-ҩык рҟынӡа иааиуеит. Ари арбага хәыҷык еиҳауп абжьааԥны аиҳа. Аҭагылазаашьа иҟоу ахьҭақәеи афымцалашара арцәареи иахҟьоит ҳәа агәаанагара ҳамоуп. ОРВИ рыманы 500-ҩык рҟынӡа алкаауп ҳазҭалаз ашықәс азы, 100-ҩык рҟынӡа ОРЗ рыманы. Аха араҟа иҳәатәуп аус шыруа еиҭа ахәыҷтәы поликлиникақәа, урҭ рхатәы рбагақәа рымоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Камлиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.