https://sputnik-abkhazia.info/20220120/kamliaa-ashkolei-akhybachaei-anarku-ichmazau-rkhykhaara-akyra-iagkhoit-1037217460.html
Камлиаԥҳа: ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи анарку, ичмазаҩу рхыԥхьаӡара акырӡа иагхоит
Камлиаԥҳа: ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи анарку, ичмазаҩу рхыԥхьаӡара акырӡа иагхоит
Sputnik Аҧсны
Асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик аԥыза-министр Александр Анқәаб иԥылараан агәҭынчымра аалырԥшит аԥсыԥлагаҩагаратә вирустә инфекциа ахәыҷқәа рыбжьара... 20.01.2022, Sputnik Аҧсны
2022-01-20T15:25+0300
2022-01-20T15:25+0300
2022-01-20T15:32+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/14/1037217434_0:0:3067:1725_1920x0_80_0_0_9d3086fc6a3beb6efc666dadf444d9b7.jpg
Камлиаԥҳа: ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи анарку, ичмазаҩу рхыԥхьаӡара акырӡа иагхоит
Sputnik Аҧсны
Камлиаԥҳа: ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи анарку, ичмазаҩу рхыԥхьаӡара акырӡа иагхоит
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб ареспублика асанитар ҳақьым хадеи иареи реиԥылараан Лиудмила Скорик лнапы ианиҵеит ақәыԥшцәеи ахәыҷқәеи рыбжьара ахьҭалаларақәеи авирустә чымазарақәеи ахылаԥшра алҭаларц, амчыбжь нҵәаанӡа ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа рзы аинформациа азырхиазарц."Егьырҭ ашықәсқәа реиԥш сынтәагьы иазгәаҳҭеит ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи анарку, ичмазаҩу рхыԥхьаӡара акырӡа ишагхо, ҩынтә-хынтә раҟара. 17 мшы рыҩнуҵҟа ахәшәтәырҭа иадҵаалаит 949-ҩык. Мышкы 100-ҩык рҟынӡа иааиуеит. Ари арбага хәыҷык еиҳауп абжьааԥны аиҳа. Аҭагылазаашьа иҟоу ахьҭақәеи афымцалашара арцәареи иахҟьоит ҳәа агәаанагара ҳамоуп. ОРВИ рыманы 500-ҩык рҟынӡа алкаауп ҳазҭалаз ашықәс азы, 100-ҩык рҟынӡа ОРЗ рыманы. Аха араҟа иҳәатәуп аус шыруа еиҭа ахәыҷтәы поликлиникақәа, урҭ рхатәы рбагақәа рымоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Камлиаԥҳа.Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/14/1037217434_192:0:2921:2047_1920x0_80_0_0_7319c102343423b4cf4721eea4693094.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Камлиаԥҳа: ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи анарку, ичмазаҩу рхыԥхьаӡара акырӡа иагхоит
15:25 20.01.2022 (ирҿыцуп: 15:32 20.01.2022) Асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик аԥыза-министр Александр Анқәаб иԥылараан агәҭынчымра аалырԥшит аԥсыԥлагаҩагаратә вирустә инфекциа ахәыҷқәа рыбжьара аҽахьарҭбаауа азы. Ахәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Инесса Камлиаԥҳа аҭагылазаашьа ахҳәаа алҭеит.
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб ареспублика асанитар ҳақьым хадеи иареи реиԥылараан Лиудмила Скорик лнапы ианиҵеит ақәыԥшцәеи ахәыҷқәеи рыбжьара ахьҭалаларақәеи авирустә чымазарақәеи ахылаԥшра алҭаларц, амчыбжь нҵәаанӡа ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа рзы аинформациа азырхиазарц.
"Егьырҭ ашықәсқәа реиԥш сынтәагьы иазгәаҳҭеит ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи анарку, ичмазаҩу рхыԥхьаӡара акырӡа ишагхо, ҩынтә-хынтә раҟара. 17 мшы рыҩнуҵҟа ахәшәтәырҭа иадҵаалаит 949-ҩык. Мышкы 100-ҩык рҟынӡа иааиуеит. Ари арбага хәыҷык еиҳауп абжьааԥны аиҳа. Аҭагылазаашьа иҟоу ахьҭақәеи афымцалашара арцәареи иахҟьоит ҳәа агәаанагара ҳамоуп. ОРВИ рыманы 500-ҩык рҟынӡа алкаауп ҳазҭалаз ашықәс азы, 100-ҩык рҟынӡа ОРЗ рыманы. Аха араҟа иҳәатәуп аус шыруа еиҭа ахәыҷтәы поликлиникақәа, урҭ рхатәы рбагақәа рымоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Камлиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.