Онишьенко: "омикрон" акоронавирус аҵыхәтәантәи аштамм акәхар ауеит

Урыстәыла "омикрон" аарԥшуп 55 регион рҿы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik. Ауаа акоронавирус аҟынтәи ԥхьаҟагьы алаҵақәа ҟарҵалар апандемиа мызқәак рыла ииасыр ҟалоит ҳәа иҳәеит абрифинг аҿы Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик (УАР) академик, УАР ахада ихаҭыԥуаҩ, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Геннади Онишьенко. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Омикрон" апандемиа хзыркәшо штаммны иҟаларыма ҳәа азҵаара аҭакс Онишьенко иҳәеит: "Иҟалар алшоит… Алаҵа ҟашәҵар лаҵарамзазгьы инҵәар ауеит".

Алаҵаҟаҵареи омикрон-штамм азы аколлективтә иммунитети ачымазара хдыркәшар ауеит ҳәа иҳәеит академик.
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара: "омикрон" ашьҭахь аштамм ҿыцқәа цәырҵуеит
Алаҵаҟаҵареи аиҭалаҵаҟаҵареи роуп макьаназы еиҳа узықәгәыӷуаны иҟоу. Иахьазы урыстәылаа 76 миллионҩык алаҵа ҟарҵахьеит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла аколлективтә иммунитет 64% ыҟоуп. Аԥсны акоронавирус аҟынтә алаҵа ҟарҵахьеит 16 000-ҩык.
Акоронавирус омикрон-штамм, B.1.1.529, аарԥшын Ботсванеи Аладатәи Африкеи абҵарамзазы. Аҟазауаа ишырҳәо ала, иара шьҭыркаар рылшоит ачымазара зхызгахьоугьы, алаҵа ҟазҵахьоугьы. Иара акыр еиҳа иццакны ирылаҵәоит авариант "дельта" аасҭа.
Гинцбург "Спутник V" омикрон аҿагылашьа ахәшьара аиҭеит