Аԥсны

Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭаҿы Ацхыраара ласы апункт аадыртит

Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭа официалла иаадыртит ԥхынҷкәын 29, 2021 шықәса рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik. Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭаҿы Ацхыраара ласы апункт аадыртит ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра.
Ацхыраара ласы аԥхьара алшоит абарҭ аҭелқәа рыла: амобилтә аҟынтә – 003, астационартә аҟынтә – 03.
Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭа аадыртит ԥхынҷкәын 29, 2021 шықәса рзы. Тҟәарчал араионтә хәшәтәырҭа хада аргылара иалагеит 2017 шықәсазы 2017-2019 шш. рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аргыларатә усурақәа 2019 шықәса абҵарамзазы ихыркәшазар акәын.
Аминистрра апресс-маҵзура адыррақәа рыла, аргылара аамҭа наскьагатәхеит афинансқәа ахьазымхози асеиԥш иҟоу ахыбра иазыԥҵәоу аԥҟарақәа зегьы нагӡаны апроект иахьарбамызи азы.
Аԥсны
Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭа аадыртит