Урыстәылаа ртәанчахәы ацҵаразы Аҳәынҭдума аӡбамҭа аднакылеит

Уаанӡа Урыстәыла ахада Владимир Путин адунеитә хәыԥсақәа рыцлара инадҳәаланы атәанчахәқәа шьҭыхтәуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵахьан.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik. Аҳәынҭқарратә дума адепутатцәа ахԥатәи аԥхьарала еицҿакрыла ирыдыркылеит урыстәылаа ртәанчахәы 8,6% аиндексациа азузарц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Ари ариашара Урыстәыла инхо аҩадатә жәлар маҷқәа рзы асоциалтә шәарақәарзы уаанӡа ирыдыркылахьаз рзакәан иахәҭакуп.
Путин ажәалагала ҟаиҵеит урыстәылаа ртәанчахәқәа аинфлиациа еиҳаны аиндексациа рызуызарц
Аҳәынҭдума ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Александр Жуков иазгәеиҭеит атәанчахәқәа реиҭахәаԥшра ашьҭахь бжьаратәла 18 984 мааҭ ҟалозароуп ҳәа.
2021 шықәса аԥхынразы "Иаку Урыстәыла" аизара ду аҟни ԥхынҷкәынмзазы имҩаԥысыз ипресс-конференциаҟни Урыстәыла ахада Владимир Путин атәанчахәқәа риндексациа хымԥадатәуп ҳәа иҳәеит. Ахәқәа 8,4% иахьрыцлаз иахҟьаны атәанчаҩцәа ироуази ахәқәеи еибакапануамызт, убри азы Владимир Путин аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит атәанчахәқәа риндексациа мҩаԥгазарц.
ЕАР афатәааглыхратәии ақыҭанхамҩатәии аиҿкаара (ФАО) адыррақәа рыла, адунеи зегь аҿы афатә ахә ԥшьынтә еиҳахеит 2020 шықәса иаҿырԥшны. Рыхә иацлеит арыц, ахәша, акәацлыхқәа, ахшаалыҵқәа. Ақыҭанхамҩатә аалыҵ хадақәагьы рыхәқәа шьҭыҵит апандемиа, аҳауа аҽеиҭакра ирыхҟьаны.