АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Ԥхынҷкәынмзазы афымцамч ахархәараз ахәԥса аизгарази ашықәстә рбагақәеи рзы аҳасабырба ҟаиҵеит Аҟәатәи афымцатә ҳақәа русбарҭа "Афымцамчҭира" аҟәша аиҳабы Џьамбулаҭ Аршба ақалақь ахадара реизараҿы.
Иара иажәақәа рыла 2021 шықәсазы ахархәара зҭаз афымцамч азы Аҟәа ақалақь аҿы 100 миллион мааҭ еизыргеит.
"2021 шықәсазы еизгоуп 100 миллионки 301 нызқьи 700 мааҭ. Урҭ рҟынтәи ауааԥсыра ирылгоуп - 45 миллиони 678 нызқьи 901 мааҭ, ахаланаплакыҩцәа - 16 миллиони 205 нызқьи 264 мааҭ, акоммерциатә еиҿкаарақәа - 38 миллиони 417 нызқь мааҭ", - иҳәеит Аршба.
Ари арбага 2020 шықәсазы еизгаз аасҭа 18 миллион мааҭ рыла еиҳауп.
2021 ԥхынҷкәынмзазы еизгоуп 15 миллиони 300 нызқь мааҭ. Урҭ рҟынтәи ауааԥсыра ирылгоуп - 6 миллионки 800 нызқь мааҭ, ахаланаплакыҩцәа - миллионки 500 нызқь мааҭ, акоммерциатә еиҿкаарақәа - 7 миллионк.
Аилацәажәараҿы иҳәан ахьҭақәа рыҟалара иахҟьаны аҳҭнықалақь астанциа маҷқәа зегьы рҿы ахьанҭарақәа шазгәаҭоу, уи ацәаҳәақәа рыԥҵәара, атрансформаторқәа рышьақәҟьара шрыхҟьо.
Аилацәажәара алахәылацәа иазгәарҭеит атрансформатортә лшарақәа рымацара рыла ауадаҩрақәа шыӡбамхо. Ажәалагала ҟаҵан акриптовалиута зырҳауа рыҭҵааразы иааларҟьаны агәаҭарақәа ирыцҵазарц.