Аԥсны

Аԥсны ААР аҳәынҭеилазаарақәа рдунеижәларбжьаратә усура ахылаԥшра анаҭалоит

Аԥсны ахада иусдҵала Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәа ҳәаақәнаҵалоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны адәныҟатәи аполитика иаку иззеиқәшаҳаҭу усхкны аҟаҵаразы аусура арӷәӷәоит ҳәа иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба.
Ҭыжәба иажәақәа рыла, аминистрра акоординациаҟаҵаратә роль иаҵанакуеит анагӡаратә мчра егьырҭ аусбарҭақәа жәларбжьаратәи русураз, аҳәаанырцәтәи аныҟәарақәа рзы, аҳәаанырцәтәи аҟазауаа рабжьгарақәа рзы, аиқәшаҳаҭрақәеи аилаӡарақәеи рыбжьаҵаразы инҭкаау аинформациа аиура. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа адыррақәа ҟарҵалароуп иарбан еимадаразаалак азы.
Аԥсны
Аԥсны ААР ахада иеиҳабыратәым еиҿкаарақәак рыпроектқәак дкылашьа рымам ҳәа рхиҳәааит
Абри аусхк аҟны аминистрреи егьырҭ аусбарҭақәеи русеицура, реинырра асистема шьақәырӷәӷәоуп, иахәҭаны ишьоу анапынҵақәа ҟаҵоуп ҳәа азгәеиҭеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.
Адипломат агәыӷра ааирԥшит абри аус аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра излалшо ала адгылара аиуп ҳәа, иагьациҵеит адәныҟатәи аполитика хра аманы иҟалоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы рҽеидкылан русура ашьаҭала ҳәа.