Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР ахада иеиҳабыратәым еиҿкаарақәак рыпроектқәак дкылашьа рымам ҳәа рхиҳәааит

© Sputnik / Томас Тхайцук Инал Ардзинба
Инал Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ареспубликаҿы аус зуа жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа идикылеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 – Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иеиҳабыратәым еиҿкаарақәак рыпроектқәак дкылашьа рымам ҳәа дахәаԥшуеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Хаҭала иазааҭгылан аиҿкаара ПРООН имҩаԥнагоз асоциологиатә зҵаараҭҵаареи COBERM апроекти.
Кабинет Министров Республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2021
Аԥсны
Аԥсны иҟоу ЖәЕА рыпроектқәа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ақәшаҳаҭра роуроуп
Аиԥылараҿы Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу ПРООН аофис ахада Рафис Абазов иеиҳәеит азҵаараҭҵаара амҩаԥгараан (2021 шықәса рашәара-нанҳәа рзы) аҩнуҵҟаполитикатә ҟазшьа змоу азҵаарақәа ажәлар ишрырҭоз, иара убасгьы Аԥсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа аимабзиара азҵаара шышьҭырхуаз.

"Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы астатистикатә усуразы" азакәан инақәыршәаны аҳәынҭқарратә мчрақәа роуп азин змоу асоциологиатә зҵаараҭҵаарақәа рымҩаԥгара. Шәара шәеиҿкаара уи аҩыза азин амам. Уи адагьы, ари аусура иалахәызар ауп Астатистиказы аҳәынҭқарратә еилакы", - ҳәа иҳәеит аминистр.

Арӡынба иазгәеиҭеит асеиԥш агәаанагара шрымоу Аԥсны Апрокуратура хадеи Аԥсны АШәМ-и.
Хазы иалацәажәан COBERM апроект анагӡара. Аминистр иҳәеит ари апроект "Аԥсны атәылауаа шьақәнаҟьоит, аекспертцәеи аҿари алархәны ақырҭцәеи аԥсуааи рдиалог шьақәыргылатәуп ҳәа ҳәо" ҳәа.

"Ари аҩыза апроект Аԥсны аҵакыраҿы амҩаԥгара ҟалом. Идырны ишәымаз, уаҳагьы шәаламцәажәан. Ҳара азин шәаҳҭом", - иҳәеит Инал Арӡынба.

ПРООН аофис аминистр ажәа ирҭеит аринахыс асеиԥш иҟоу апроектқәа анапы шрыланамкуа азы.
Инал Арӡынба иара убас идикылеит аиҿкаара World Vision Аԥсны иҟоу ахада Оксана Лашәриаԥҳаи ахҵәацәа рзы Даниатәи Ахеилак акоординатор Ада Џьынџьалԥҳаи.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада ахәшьара бзиа риҭеит асоциал-економикатә ҿиара, абизнес маҷи абжьаратә бизнеси ирзырхоу, аграртә сектор зырҿио, агуманитартә цхыраара ҟазҵо апроектқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0