Аԥсны

Аԥсны иҟоу ААО аррамаҵзурауаа жәларбжьаратәи арратә еицлабрақәа АрМИ-2022 рҽырзыҟарҵоит

Аицлабра актәи ахәҭа иалахәхоит 500-ҩык рҟынӡа Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аԥшыхәратә ҟәшақәа рыррамаҵзурауаа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аԥшыхәцәа апрофессионалтә ҟазараз аицлабра АрМИ-2022 "Арратә ԥшыхәра аҟазауаа" иалахәхоит, ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.

Аицлабрақәа рҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥшыхәҩцәа еиуеиԥшым абџьархқәа рҟынтәи ахысра, аверталиот ала атәара, аҭыҵраз анормативқәа, аӷа ишьҭахь ала анеира уҳәа, мҩаԥыргоит Аԥсны ашьхаратә ҭыԥқәеи Амшын еиқәа аԥшаҳәеи рҿы.

Аруаа рхы иадырхәоит еиуеиԥшым алашара-бжьыргаратә хархәагақәа, иахьынӡазалшо аибашьратә ҭагылазаашьа иазааигәахарц.
Аицлабра актәи аетап аан алахәылацәа рымч-рылша, рхысшьа, аԥкырақәа рывсшьа, аӡиасқәа рырсшьа, ашьханыҟәара уҳәа аадырԥшуиет.
Аладатәи арратә округ аԥшыхәратә хәҭақәа иреиӷьу аҟәшақәа анаҩстәи аиндаҭларақәа ирылахәхоит. Жәларбжьаратәи аетап алахәхара азин аиуеит аицлабра аетапқәа зегьы рҿы аиааира згаз акоманда.