Аԥсны

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Анрик Инаԥшьба иаанкыларазы аӡбамҭа амԥсахӡеит

Анрик Инаԥшьба ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысыз ззин рыҭамыз амитинг далахәын ҳәа ахара идырҵоит. Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аднакылахьан мызкы, жәабран 8 рҟынӡа дҭакызарц.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиа Анрик Инаԥшьба иаанкыларазы аӡбамҭа амԥсахӡеит, ажьырныҳәа 21 рзы имҩаԥгаз аилатәараҿы.
Инаԥшьба даанкылазаауеит жәабран 8 рҟынӡа.
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса рзы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысит ззин рыҭамыз амитинг, анаҩс уи аҿагыларатә акциахь ииасит.
Ԥхынҷкәын 23 рзы Аҟәатәи апрокуратура ашьаус хацнаркит ԥхынҷкәын 21 рзы ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласрақәа реиҿкаареи рылахәхареи афакт азы.
Аԥсны
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Баграт Сурмаа иаанкыларазы аӡбамҭа амԥсахӡеит
Ажьырныҳәа 8 рзы Аҟәа апрокуратура иааннакылеит урҭ аибарххарақәа ирылахәыз хәҩык ауаа.
Ажьырныҳәа 11 рзы Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылаҩцәа ҩыџьа Баҭал Ҵәыџьбеи Аслан Ҭаниеи рганахьала азыӡбақәа аднакылеит. Баҭал Ҵәыџьба – мызки жәохәымши, жәабран 22 рҟынӡа ихақәиҭра далхәыдатәызарц иқәнаҵеи. Ҭаниа жәохәымш - ажьырныҳәа 23 рҟынӡа.
Ажьырныҳәа 19 Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшаратә коллегиа Баҭал Ҵәыџьба иганахьала азыӡба аԥсахит, иара жәабран 22 рҟынӡа аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп.
Амитинг алахәыла Ҭаниа аӡбарҭа дшырбаандаҩу дааннажьит.
Аԥсны
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа амитинг алахәыла Ҭаниа дшырбаандаҩу дааннажьит
Иара убас, хәажәкыра 22 рҟынӡа аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп Рамаз Џьопуа.
Мызкы, жәабран 8 рҟынӡа ихақәиҭра далхәдатәзаауеит Анрик Инаԥшьба.
Аӡбарҭа Баграт Сурмаа ажьырныҳәа 28 рҟынӡа дҭактәуп ҳәа азырыӡбеит. Ажьырныҳәа 19 рзы имҩаԥысуаз Ахашшааратә коллегиа реилатәараҿы аҳәынҭқарратә харадҵаҩ аӡбаҩ Роман Кәарҷиа аус ахәаԥшраҟынтәи иқәгаразы азҵаара шьҭырхит, аӡбаҩи Сармаа иани еижәлантәқәоуп ҳәа ҵаҵӷәыс ишьҭыхны. Аӡбаҩцәа анеилацәажәа ашьҭахь азыҳәа иақәшаҳаҭхеит, аилатәара ахыргеит.
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиа Баграт Сурмаа иаанкыларазы аӡбамҭа амԥсахӡеит.
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысыз амитинг аиҿкаареи аилаҩеиласрақәа рылахәреи рзы ашьаус хацыркуп