Аԥсны

Озган амҩадуқәа рныҟәгареи рыҿиареи рзы аԥыжәара зҭатәу ашьақәыргыларазы анапынҵа ҟалҵеит

Ажьырныҳәа 20 рзы Аекономика аминистрраҿы Аминистрцәа реилазаара аппарати, Амҩатә фонди, Акапиталтә ргылараз аилаки, АУН "Автомҩеи" рхаҭарнакцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥысит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik. Аԥсны аекономика аминистрра иагәҭакуп автомҩатә ҳақәа рныҟәгареи рырҿиареи рзы аԥаразоужьра аизакра аус аиӷьтәра ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Уажәы абри ахықәказы ареспубликаҿ аус ауеит аҳәынҭкарратә абиуџьет анҭыҵтәи Амҩатә фонд, злагала ҩ-шәахтәхкык рыла ишьақәгылоу: ахьшьтәы рыҭираз ашәахтәи автотранспорт зтәу рҟынтә ашәахтәи. Афонд аԥарақәа азырхоуп амҩақәа рныҟәгара, рремонт, реиҭашьақәыргылара, иара убасгьы амҩатә нхамҩа анапхгараҭара.
В Министерстве экономики состоялось расширенное совещание
Ауааԥсыреи, араионқәа рхадарақәеи атәыла ахадеи, аиҳабыреи рахь иҟарҵаз рколлективтә зыҳәақәа рыла аекономика аминистрра шә-рзаҳалк рышьаҭала асиа еиқәнаршәеит. Иреиҵаӡоу аԥхьаӡарақәа рыла арҭ аусурақәа 700 миллион мааҭ рҟынӡа рҭахуп.
"Ауаа иҟарҵо аҳәарақәа ҳазгәыгәҭажьуам, аха убри аан аԥара ҳамам. Афонд алшарақәеи иҟоу азыҳәақәа рҭахрақәеи еибакапануам. Убри азы иахәҭоуп еиҳа аԥыжәара зҭатәу алкаара", – лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Озган аизара алахәылацәа рнапы ианылҵеит Амҩатә фонд алагалақәа реизырҳараз ажәалагалақәа ҟарҵарц.
Уи адагьы аминистр илҳәеит АУН "Аԥснывтомҩа" – ареспубликатә мҩақәа ныҟәызгаша аиҿкаара иахьазы аулафахәыҵәҟьа ашәартә аҭагылазаашьа шамам. АУН "Аԥснывтомҩа" уаанӡа иамаз алшарақәа еиҭашьақәыргылатәуп ҳәа лҳәеит Озган.