Аԥсны

Аԥсны АШәМ Калдахәара ирыԥшааит амаининг-ферма ду

Аминистрцәа реилазаара аӡбарала Аԥсны акриптовалиута арҳареи уи азы ахархәагақәа ралагалареи рзин аанкылоуп хәажәкыра 31 2022 шықәсанӡа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәеи Аҳәынҭстандарти Гәдоуҭа араион Калдахәара ақыҭан ирыԥшааит аус зуаз амаининг-ферма. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АШәА асаит.
Иԥшааз ахыбраҿы ашәҟәы иҭагалан закәаншьаҭада акриптовалиута зырҳауа 251 цыра амаининг-хархәагақәа. Амыругақәа аҿыхны Аԥсны Аҳәынстандарт иатәу аҵәахырҭахь инаргеит.
Иҟоу адыррақәа рыла, амаининг-ферма зтәу Едуард Хагәышь иганахь ала, закәаншьаҭада афымцамч ахархәара акриптовалиута арҳаразы административтә ԥкаанҵа шьақәыргылоуп.
Аԥсны
Аԥсны АШәМ аҟны ирҳәеит хымш рыла шаҟа акриптоферма адыркыз
Аԥсны шықәсык еиҳауп акриптовалиута арҳареи афымцатә ҳақәа закәаншьаҭада аҿакреи рус аарԥшразы иааларҟьаны агәаҭарақәа мҩаԥысуеижьҭеи.
Аԥсны акриптовалиута арҳареи уи азы ахархәагақәа ралагалареи рзин аанкылоуп афымцамч ахархәара ахьацлацәаз иахҟьаны.