Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Аԥсны АКХ ашәҟәы иҭанагалеит адепутатрахь акандидатцәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа фба

Аԥсны алхратә комиссиа хада Жәлар реизара адепутатрахь акандидатцәа ықәзыргыло апартиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара иалагеит ажьырныҳәа 21 инаркны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хада ашәҟәы иҭанагалеит Жәлар реизара адепутатрахь акандидатцәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа фба.
Ажьырныҳәа 22 азы Аԥсны АКХ ашәҟәы иҭанагалеит аԥшьгаратә гәыԥқәа адепутатрахь иқәдыргыло акандидатцәа:
Занҭариа Резо Платон-иԥа - 30-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала,
Лагәлаа Адгәыр Геннади-иԥа - 7-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала,
Ҳаразиа Адгәыр Рафеҭ-иԥа - 26-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала,
Ткебучаа Ҭемыр Елварди-иԥа - 34-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала,
Ҵышәба Александр Владимир-иԥа - 13-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала,
Анқәаб Артур Мирод-иԥа - 11-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала.
Ажьырныҳәа 21 азы АКХ аҟны ашәҟәы иҭаргалеит адепутатрахь акандидатцәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа жәохәи аполитикатә партиақәа ҩбеи.
Аԥсны
Апарламент ахь адепутатцәа алызхуа агәыԥқәа ашәҟәы рҭагалара иалагеит
Апарламент ахь адепутатцәа алзхуа аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара мҩаԥысуеит ажьырныҳәа 21 инаркны жәабран 10 рҟынӡа.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 азы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа.