Аԥсны

Ашахматтә еицлабра "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" хыркәшоуп

Раԥхьаӡатәи жәларбжьаратәи иласу ашахматқәа рзы аицлабра "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" мҩаԥысуан ажьырныҳәа 22-23 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ашахмат азы афедерациа еиҿнакааз раԥхьаӡатәи жәларбжьаратәи ашахматтә еицлабра "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" хыркәшоуп.
Атурнир аҿы агроссмеистерцәа рыбжьара аиааира игеит урыстәылатәи ашахматасыҩ Павел Смирнов, аҩбатәии ахԥатәии аҭыԥқәа ааныкрылеит иара убас урыстәылатәи ашахматасыҩцәа - Миран Оганиани Савелиа Голубевеи.
Тамшь имҩаԥысуаз атурнир швеицариатәи асистемала еиҿкаан - 12 тур рыла, алахәылацәа алырхит акомпиутертә ҵәҭаԥсарала. Аиԥыларақәа мҩаԥысуан 15 минуҭ ирылагӡаны.
Аԥсны
Амшын ихԥшыло: раԥхьатәи жәларбжьаратәи ашахмат еицлабра Тамшь ишымҩаԥысуа
Аицлабра "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" мҩаԥыргеит аспорт азы Аԥсны Аҳәынҭеилакыи Аԥсны ашахмат азы Афедерациеи Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ацхыраара ала. Афинанстә цхыраара ҟарҵеит "Унив­ерсал банк", "А-мобаи­л", Гәылрыԥшь араион ахадара.
Sputnik Аԥсны аинформациатә дгылара анаҭеит Жәларбжьаратәи атурнир "Аԥсны.Тамшь-Village 2022".
"Тамшь-Village" - ари амшын аԥшаҳәаҿы игылоу 1000-ҩык зкуа ҳаамҭа иақәшәо коттеџьтә комплексуп, уи аргыларазы аинвестициақәа аланаҵеит урыстәылатәи атуристтә еилахәыра "Библио-Глобус". Иара аартын 2021 шықәса ԥхынгәымза алагамҭазы.