Аԥсны

Даҽа маининг-фермак еимырхит Гәдоуҭа араион аҿы

Аԥсны изакәанымкәа афымцацәаҳәа ирыԥшьу амаинингқәа раҿыхразы аусурақәа мҩаԥысуеижьҭеи шықәсык еиҳа ҵуеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 - Sputnik. Аԥсны АШәМ-и Аҳәынҭстандарти русзуҩцәа ажьырныҳәа 20 рзы Гәдоуҭа араион Амжәықәхәа ақыҭан амаининг-ферма рыԥшааит, абри атәы аанацҳауеит АШәМ асаит.
Ирымоу аоперативтә дыррақәа рыла, амаининг-фермақәа ртәуп Андреи Мундиан, Дауҭ Габниа, Руслан Григолиа. Дара рганахьала административтә ԥкаанҵақәа шьақәыргылан изакәанымкәа атәыла афымцамч аҽаԥшьра афакт азы.
Уаанӡа АШәМ адырра ҟанаҵахьан Гәдоуҭа араион Калдахәара ақыҭан 251 маининг-машьына шырыԥшааз.
Аԥсны
Аԥсны АШәМ Калдахәара ирыԥшааит амаининг-ферма ду
Аԥсны акриптовалиута арҳаразы амаинингқәа русуразы азин ыҟам афымцацәаҳәақәа ахьажәуи афымцамч ахьазымхои азы.