АҞӘА, ажьырныҳәа 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҵыхәтәантәи жәохәшықәса раахыс сынтәа Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҿы асы шаҟа леиз аҟара ҟамлацызт ҳәа еиҭеиҳәеит апарк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
"Зеиԥшла асы аҿыгҳара метраки 80 сантиметраки инаӡоит, ҭыԥқәак рҿы ҩ-метрак рҟынӡагьы инеиуеит. Аҵыхәтәантәи жәохәшықәса раахыс сынтәа ара асы шаҟа леиз аҟара ҟамлацт", - иҳәеит иара.
Риҵанӡа амҩа цқьоуп, уи ианыланы инеир рылшоит аӡын иазыҟаҵоу автомашьынақәа ҳәа иажәа иациҵеит иара.
Ауадҳараҟа узго амҩа шлагбаумла иадыркит, избанзар уахь ацара шәарҭоуп.
Амилаҭтә парк аиҳабы иазгәеиҭеит Иарославль ааҿы апарк ахарџь ала миллион мааҭк ҳәа ишаахәаз амҩақәа аԥслымӡ рықәзыԥсо амашьына. Ҵыԥх иаархәеит жәа-миллион мааҭк иаԥсаз асықәгага машьына.7-8 спринтер халеит. Аекскурсиақәа шцац ицоит. Аҭагылазаашьа уахгьы-ҽынгьы хылаԥшра аҳҭоит. Угәуҽанызароуп, аԥсабара иузгәамҭаӡакәа аҽеиҭанакыр алшоит", - иҳәеит Багаҭелиа.
Амилаҭтә парк аиҳабы иазгәеиҭеит Иарославль ақалақь аҿы апарк ахарџь ала миллион мааҭк ҳәа ишаахәаз амҩақәа аԥслымӡ рықәзыԥсо амашьына. Ҵыԥх иаархәеит жәа-миллион мааҭк иаԥсаз асықәгага машьына.
Багаҭелиа иааигаз адыррақәа рыла, 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭааит 15 нызқьҩык асасцәа. Аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны ара аӡынразы ауаажәларра рыкрыфара еиҿкаан. Уи зыбзоурахаз уаанӡа адгьыл ахыхь игаз аӡымҩангагақәа уажәшьҭа аӡиа аҵаҟа иахьышьҭарҵаз ауп. Уи иабзоураны дара шьҭа иҵааӡом.