Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Багаҭелиа еиҭеиҳәеит аныҳәамшқәа рзы Риҵа аҭааҩцәа зегьы рыдкылара рылшо ирылымшо

Багаҭелиа еиҭеиҳәеит аныҳәамшқәа рзы Риҵа аҭааҩцәа зегьы рыдыркылартә изыҟалама
Анапаҵаҩра
Ашықәсҿыцазтәи аныҳәатә ԥсшьарамшқәа рзы Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра шаҟаҩы аԥсшьаҩцәа аҭааз, урҭ рыдкылара шеиҿкааз, изҭахыз зегьы аӡиахь инеиртә алшара рымазу атәы еиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
Ажьырныҳәамза раԥхьатәи жәамш рзы 13 нызқьҩык инарзынаԥшуа асасцәа Риҵатәи аҳәырԥсаррахь инеит ҳәа адырра ҟаиҵеит Багаҭелиа.
"Инаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп амза 4 рзы асы даара иӷәӷәаны иҳазлеит. Ашьыжь асааҭ фба инаркны ауха 12 рҟынӡа асы алеира иаҿын. Уи хәыҷык ауадаҩрақәа ҳнаҭеит амҩа арыцқьараҟны, насгьы амашьынақәа еилахеит, аҭамзаарагьы шьҭаҳҵоит, убри аҽнызаҵәык иҳаргьежьыз рацәаҩуп. Егьыс арҭ амшқәа зегьы амҩа цқьоуп, аԥслымӡ ақәыԥсоуп", - иҳәеит Багаҭелиа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0