Аԥсны

"Аԥснеихамҩа" урыстәылатәи атурдәыӷбақәа Кьалашәырынӡа иаарышьҭларц ргәы иҭоуп

Урыстәылатәи атуристтә дәыӷбақәа 2022 шықәса лаҵарамзанахыс рмаршрут иацҵаны аныҟәара иалагар ҟалоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гагра, Афон ҿыц, Кьалашәыр иҟоу аихамҩатә станциақәа ҳазҭоу ашықәс азы аремонт рзухоит ҳәа иҳәеит АУН "Аԥсны аихамҩақәа" аиҳабы Арсоу Ҷыҭанаа Аԥсуа телехәаԥшраҿы аконференциа аан.
"Астанциа "Кьалашәыр" арыцқьара ҳалагеит. Иаҳҭахуп иадҳаԥхьалар аҭоурых-культуратә ҭынхазы аҟазауаа, избанзар ахыбра хәызмоу ҳәа ишьоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
"Астанциа "Кьалашәыр" арыцқьара ҳалагеит. Иаҳҭахуп иадҳаԥхьалар аҭоурых-культуратә ҭынхазы аҟазауаа, избанзар ахыбра хәызмоу ҳәа ишьоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны
"Аԥснеихамҩа" аиҳабы анаплакы аԥаратә лагалақәа ишрыцлаз атәы далацәажәеит
Иазԥхьагәаҭоуп аихамҩатә станциақәа рырԥшӡаратә ремонт хәажәкыра акынӡа амҩаԥгара. "Ара атуристтә дәыӷбақәа аныҟәара иаларгатәуп", - ҳәа иҳәеит Ҷыҭанаа.
ААМ анџьныр хада Леонид Ҟәыруа иҳәеит актәи аетап аан аҳәынҭнаплакы Акультура аминистрра ианаҭаз архитектуратә дҵа шынанагӡаз.
"Аԥхьа ахьчаратә шәҟәы ҳнапы аҵааҩит аобиектқәа рганахьала. Зыӡбахә ҳамоу астанциа "Гагрыԥшь" уаанӡатәи апавильони, астанциа "Ԥсырӡхеи", астанциа "Кьалашәыри" роуп. Ари атуристтә дәыӷбақәа рныҟәара арҭбаара апрограмма иаҵанакуеит. Адәыӷба "Тҟәаԥс-Гагра", акруизтә дәыӷба рмаршрут иацаҳҵараны ҳаҟоуп", - иҳәеит иара.
"Аԥснеихамҩеи" РДЖ иалку анаплакқәеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥснытәи аган иарбоу астанциақәа хәажәкыра 1 аҟынӡа аремонт рзыруроуп. Ҟәыруа ишиҳәо ала, урыстәылатәи аган азыхиоуп амаршрут ацҵара иахәҭоу аусурақәа рышьҭахь.
Аԥсны
ААМ урыстәылатәи аҟазауаа аднаԥхьалар аҭахуп ацҳақәеи атоннельқәеи ргәаҭаразы