Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥснеихамҩа" аиҳабы анаплакы аԥаратә лагалақәа ишрыцлаз атәы далацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Арсоу Читанава
Арсоу Читанава - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2022
Анапаҵаҩра
АУН "Аԥсныеихамҩа" адиректор хада Арсоу Ҷыҭанаа апресс-конференциа мҩаԥигеит Аԥсуа телехәаԥшраҿы ажьырныҳәа 24 рзы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2019 шықәсазы "Аԥснеихамҩа" 94 миллион мааҭ ахашәала аиуит, 2021 шықәсазы – 164 миллион мааҭ ҳәа иҳәеит АУН "Аԥсныеихамҩа" адиректор хада Арсоу Ҷыҭанаа апресс-конференциа.
"2019 шықәсазы 6023 вагон аидара мҩангазар, 2021 шықәсазы 7 000 вагон мҩанган. Алагалақәа ҟалеит "Аԥснеихамҩа" ахатә мчқәа рыла аидарамҩангара иахьалагаз, ахашәалақәагьы иара иахатәхеит. Уаанӡа ахатәнаплакқәа ыҟан абри аус мҩаԥызгоз", - ҳәа иҳәеит иара.
ААМ ахашәалақәа ианрыцла ашьҭахь ирыцлеит иара атәыла абиуџьет ахь иҟанаҵо ашәахтәқәагьы.
Железная дорога - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2022
Аԥсны
Аԥснытәи аихамҩа 160 миллион мааҭ иреиҳаны иарҳаит 2021 шықәса рзы
"2019 шықәсазы ашәарақәа 19 миллиони 837 нызқь мааҭи шьақәдыртәеит: абиуџьет ахь - 9 миллионки 377 нызқь мааҭи, абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рахь - 10 миллионки 460 нызқь мааҭи; 2021 шықәсазы ашәарақәа ишьақәдыртәеит 32 миллион мааҭ", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Анаплакы уаанӡа абиуџьети абиуџьетнҭыҵтәи афондқәеи рахь ауал аман.

"Сара анаплакы санахагылоз, 42 миллион мааҭ абиуџьети абиуџьетнҭыҵтәи афондқәеи рахь ауал аман. Ҳара аграфик шьақәыргыланы ашықәс аҩнуҵҟа 10 миллион мааҭ рҟынӡа ажәытә уалқәа ҳшәеит. Сынтәатәи ашықәс иатәу ашәарақәа зегьы еиԥҟьарада имҩаԥаагоит", - иҳәеит иара.

Уи адагьы иалыршахеит ауалафахәы ашьҭыхра. Уаанӡа иҟаз 10 500 мааҭ ацынхәрас иахьазы 18 700 мааҭ ҳшәоит иҳәеит анапхгаҩы. Зынӡа АУН аштат аҿы иҟоуп 420-ҩык, ауалафахәыцҵара иаҵанакит 80 процент аусзуҩцәа.
Денежные купюры и монеты. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2022
Аԥсны
Аԥснытәи аихамҩа аусзуҩцәа руалафахәы 80 процент иацырҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0