АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Ахәдахьаа акоронавирус омикрон-штамм акәзар ҳәа агәаанагара унаҭоит COVID-19 атест ҟауҵаанӡа, ҳәа аанацҳауеит NBC Chicago Чикаго ауаажәларратә гәабзиарахьчара Адепартамент акомиссар Еллисон Арвади лажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Ахәдахьаа – еиҳа акоронавирус амазаара шьақәзырӷәӷәо ҟазшьоуп ҳәа лҳәеит аексперт.
Арвади апациентцәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит аимҳәа ма ахьҭалалара зхы иадызбало акоронавирус рымоуп ҳәа ишьазар ауп атест аҽак унарбаанӡа.
Омикрон-штамм B.1.1.529 аарԥшын Ботсванеи Аладатәи Африкатәи ареспубликаҿи.