Аҵарауаа: Pfizer аасҭа "Спутник V" "омикрон" аҿагылараҿы алшарақәа ҩынтә еиҳауп

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота мобильной бригады по вакцинации дачников от COVID-19
Работа мобильной бригады по вакцинации дачников от COVID-19   - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.01.2022
Анапаҵаҩра
Уажәтәи аамҭазы алаҵа "Спутник V" азхарҵеит 70 ҳәынҭқарра, "Спутник Лайт" - 30 инареиҳаны, ари Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра агәаанагарала алаҵа алшарақәа шыҳараку аанарԥшуеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. "Спутник V" алаҵа ашьҭахь омикрон-штамм аҿагыларазы ицәырҵуа ацәеижьҿагылақәа рхыԥхьаӡара ҩынтә еиҳауп аҳәаанырцәтәи алаҵа ашьҭахь аасҭа, абри атәы аҩуеит РИА Новости Урыстәыла аинвестициақәа рфонди Н. Ф. Гамалеи ихьӡ зху Ацентри ражәақәа ҵаҵӷәыс иганы.
Ас еиԥш алкаа ҟаҵоуп урыстәылатәи аепидемиологцәеи италиатәи рколлегацәеи Рим, Спалланцани аинститут аҟны еицымҩаԥыраз аҭцаарақәа рышьҭахь.
Выездная вакцинация в салоне красоты в Новосибирске - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2022
Гинцбург "Спутник V" омикрон аҿагылашьа ахәшьара аиҭеит
"Спутник V" омикрон-штамм иаҿагылоит аҿкы зырԥсыҽуа ацәеижьҿагылқәа ахцәырҵуа иабзоураны.

"Ацәеижьҿагылақәа IgG змаз аҭҵараақәа рзы зшьа газ 25% рҟынтәи "Спутник V" алаҵа ҟазҵаз 100% рҟны иаарԥшуп омикрон иаҿагыло ацәеижьҿагылақәа, Pfizer алаҵа ҟаҵаз рарбагақәа 83,3% иаҿырԥшны. 74,2% игаз ашьахыз иаҿырԥшны "Спутник V" алаҵа змаз омикрон-штамм арԥсыҽит, алаҵа Pfizer арбагақәа 56,9% ыҟоуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҵарауаа алаҵақәа "Спутник V" Pfizer ззыҟаҵаз ауаа ршьахызқәа еиҿдырԥшит, дара аштамм зырԥсыҽуаз IgG-рцәеижьгалақәа еиҟаран. Ралкаақәа рыла, урыстәылатәи алаҵа ҩ-дозак ашьҭахь ацәеижьҿагылақәа алшарақәа ҩынтә еиҳауп, ҩ-дозак иҟоу Pfizer ашьҭахь аасҭа.
Аҟазацәа ражәақәа рыла, "Спутник Лайт" ала ианаамҭоу аиҭалаҵаҟаҵара иахысыз "омикрон" аҟынтәи ихьчоуп, раԥхьатәи аҿкы COVID-19 иаҿагыло "Спутник V" иеиԥшны. Аҵарауаа ргәаанагарала,"Спутник Лайт" уникалтәуп, аҿкы аҿагыларазы егьырҭ алаҵақәеи иареи еицыҟауҵалар алшоит.
Лечение больных с COVID-19 в ГКБ №52 - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.01.2022
Онишьенко: "омикрон" акоронавирус аҵыхәтәантәи аштамм акәхар ауеит
Иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭазы Аладатәи Африкатәи Ареспубликақәа рҿы ицәырҵыз омикрон-штамм Урыстәыла 55 регион аҿы иаарԥшуп, иара ирласны ишрылаҵәо шьақәырӷәӷәоуп, уи аҿагыларазы хра змоу алаҵаҟаҵара ауп.
Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иҳәахьан, зынӡа аҿкы зыхьхьоу рхыԥхьаӡараҟынтәи иааидкыланы алаҵа ҟазҵахьоу ԥшь-процентк роуп ҳәа. Аҟазауаа ргәаанагарала, мҽхакы ҭбаала ауааԥсыра алаҵаҟаҵара иалагар, мызқәак рышьҭахь апандемиа нҵәар алшоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0