Краснодартәи аҳаирбаӷәаза аусура хацнаркит

Ииасыз амш азы уаанӡа иаанкылаз ареисқәа 20 аушьҭын, аха убри аан иаха 16 реис раамҭа еиҭакын, 26 реис аанкылан. Ареисқәа ԥшьба егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа рахь ишьҭын.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Аслеира ду иахҟьаны зусура аанкылаз Краснодартәи аҳаирбаӷәаза аусура хацнаркит.
"Уажәы ареисқәа рахь аҭаҩрақәа цоит", - ҳәа рҳәеит абаӷәаза апресс-маҵзураҿы.
Аҳауагәаҭыҩцәа ргәаҭарақәа рыла Краснодартәи атәылаҿацә иахьаҵанакуа аслеира аҽааннакылоит, аха макьаназ 15-20, ҭыԥқәак рҿы 23 миллиметр леираны иҟоуп.
Ҟәбина ариабжьарак илеиз асы аҟара уаанӡа иҟамлацт