Ҟәбина ариабжьарак илеиз асы аҟара уаанӡа иҟамлацт

© Sputnik / Alexander Galperin / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖенщина на Троицком мосту в снегопад в Санкт-Петербурге
Женщина на Троицком мосту в снегопад в Санкт-Петербурге - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2022
Анапаҵаҩра
Аметеорологцәа ишырҳәо ала Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иааиуа уахыки-ҽнаки асы маҷхоит, аха макьаназ 15-20, ҭыԥқәак рҿы 23 миллиметр леираны иҟоуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Аметеорологиатә гәаҭарақәа рҭоурых аҿы Ҟәбина уажәы асы шаҟа илеиз аҟара ҟамлацт. Асы аҿыгҳара 41 сантиметр рҟынӡа инаӡоит ҳәа Instagram аҿы иҩуеит ФОБОС ацентр аҟазауаҩ Евгени Тишковец.
Раионқәак рҿы мызк аҩнуҵҟала илеираны иҟаз асы леит уахыки-ҽнаки рыла.
"Кавказ, Амшын еиқәа иахьаҵанакуа: Тамань – 8 см, Анапа – 14 см, Џьубга – 20 см, Тҟәаԥс – 8 см. Гәыбаадәаҿы – 45 см, Кордоне Лаура – 102 см, Гориачи Клиуч – 112 см, Горныи – 141 см. иҟоуп", - ҳәа иҩуеит Тишковец.
Уаанӡа асыҭәҳәақәа ирхырҟьаны Краснодар аҳаиртә баӷәаза аусура нкылан.
Аусбарҭа "Черноморье" апресс-маҵзураҿы ирҳәеит аслеира иахҟьаны афедералтә мҩаду А-147 Џьубга – Аԥсны аҳәаа иахьаҵанакуа адгьылҳәазара аҭыԥ амоуп ҳәа.
Амҩаду аҿы адгьылҳәазара аанкыларази амашьынаныҟәара аиҭашьақәыргыларази аҳәынҭавтоинспекциеи аилахәыра "Россети" русзуҩцәа аоперативтә усурақәа мҩаԥыргоит.
Снег на озере Рица  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2022
Аԥсны
Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы ҽаамҭанык еиԥшымкәа асы рацәаны илеит
Ажәабжьқәа зегьы
0